Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АКОРОНАВИРУС АШТАММ ҾЫЦ ОМИКРОН АԤСНЫ ИШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.

Ашәахьа, 24 Ажьырныҳәа 2022 19:53 122

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акоронавирустә ҿкы чымазара аштамм ҿыц «Омикрон» Аԥсны ишьақәыргылахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рзы Аҭҵаара-дырратә Институт авирусологиеи аиммунологиеи рлабораториа аиҳабы, Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб алахәыла, агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Алиса Матуа лажәақәа рыла,  «омикрон» злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара 30-ҩык  рҟынӡа инаӡахьеит.  Уи ишазгәалҭаз ала, аштамм «омикрон» еиҳа ирласны аӡәы иҟынтәи даҽаӡәы иахь ииасуеит, убри азы акыр ихымԥадатәны иҟоуп аԥкрақәа зегьы рынагӡареи ахыхьчареи.

Аштамм ҿыц SARS-CoV-2 алаҽра азы аинформациа Асаниатр-епидемиологиатә Станциа ахь иҟалеит ажьырныҳәамза   22 рзы, усҟан апациентцәа  руаӡәы Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапевт дидҵаалеит.  

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 17:52