Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ЕИХАГЫЛАК ЗМОУ АХАТӘЫ ҨНЫ АМЦА АКИТ.

Ашәахьа, 24 Ажьырныҳәа 2022 19:12 104

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа ақалақь, Бамборатәи амҩа ала еихагылак змоу ахатәы ҩны амца акит. Амцакра азы иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь адырра ҟалеит 15 сааҭи 43 минуҭи рзы.  Амца арцәара иалахәын Гәдоуҭа ақалақь абылрацәыхьчаратә Маҵзура арасчиотқәа ҩба. 

Иҟалаз абылра иахҟьаны ауаҭахқәа руак блит, егьырҭ аҷышә иагеит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.   

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 17:33