Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АԤЫЗА-МИНИСТР АРЕСПУБЛИКА АҾЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА АЗЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Ашәахьа, 24 Ажьырныҳәа 2022 18:38 125

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҿы иааизакны ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи ауааԥсыра рыхәышәтәра знапы алаку амедицинатә усбарҭақәа рҭагылазаашьеи  ирызкын атәыла аԥыза-министр иҟны имҩаԥысыз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит                                        Аԥсны аминистрцәа Реилазаара асаит.  

Аилатәара рхы аладырхәит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҳәынҭқарратә санитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик, атәыла Анапхгара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.  

Аилатәара аҿы иалацәажәеит «Аԥсны ауааԥсыра иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы ауснагӡатәқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа аспорттә еиҿкаарақәеи акультура аубарҭақәеи рганахьала аԥкрақәа рыԥсахра азы аиҭакрақәак ралагалара азы абжьгарақәа рыпроект».

Апроект инақәыршәаны, акультура аҩнқәа, атеатрқәа, аспорт-зҩыдаратә хықәкызаара змоу аобиектқәа Ареспубликатә санитар-епидемиологиатә Маҵзура ишьақәнарӷәӷәаз асанитар-епидемиологиатә уснагӡатәқәа рынагӡарала русура алагара азԥхьагәаҭоуп.

Убри аан, ачаратә, агәырӷьаратә, аныҳәатә, аԥсхәратә, аустә, арлахҿыхратә, даҽа массатә усмҩаԥгатәқәак иарку аҭыԥқәа рыҟны рымҩаԥгара аанкылареи, иара убас ахәаахәҭратә обиектқәеи апассаџьыртә транспорти русура аганахьала абжьгарақәеи изеиԥшхымԥадатәиу аҭахрақәеи рышьықәырӷәӷәареи рзы ажәалагала ҟаҵоуп.

Апроект 2022 шықәса жәабранмза 01 аҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхра амҩаԥгаразы аҳәынҭқарратә санитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи разырхиареи рышьақәырӷәӷәареи рзы хазы игоу анапынҵақәа алагалахоит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 18:30