Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА: АНАГӠАРАТӘ МЧРА АУСБАРҬАҚӘА ИНАРЫГӠО ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АУСУРЕИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИМАДАРЕИ РЗЫ АМИНИСТРРА АХЬ АДЫРРА АҞАҴАРА ХЫМԤАДА ИРЫХӘҬОУП.

Ахәаша, 21 Ажьырныҳәа 2022 13:34 257

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Анагӡаратә мчра аусбарҭақәа инарыгӡо жәларбжьаратәи аусуреи жәларбжьаратәи аимадареи: аофициалтә ныҟәарақәа, аконсультациақәа, аусшәҟәқәа рыбжьаҵареи егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵыҩреи азԥхьагәазҭо аиҿцәажәарақәа рзы Аминистрра ахь адыррақәа рыҟаҵара хымԥада ирыхәҭоуп. Абри атәы аҳәоит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аминистрра аофициалтә саит аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭа.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53 инақәыршәаны Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟатәи аполитика ихадоу ахырхарҭақәа аликаауеит.  

«Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иаку адәныҟатәи аполитика амҩаԥгараҿы инанагӡо акоординациатә роль азы» Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра атәым ҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Аԥсни рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара аганахьала ҳреспублика иаду жәларбжьаратәи аҭакԥхықәрақәа рынагӡара азеиԥш хылаԥшра анаҭоит, атәыла Ахада идәныҟаполитикатә курс нанагӡоит.  

 

«Аусԥҟа анагӡара хықәкыс иҟаҵаны, Аминистрра аҟны  адәныҟаполитикатә Хылаԥшреи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи русеицуреи ркоординациеи асистема  шьақәырӷәӷәоуп.   Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иалкаау анапынҵақәа рыҭоуп, урҭ атәыла анагӡаратә мчра аусбарҭақәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа ишиашоу ала аус рыцура алдыршалоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Иракли Ҭыжәба.

«Ҳадәныҟатәи аполитика аеффективра ҳусура амҩаԥгара аҿы аҳәоуеиқәшәара аҟазаара иадҳәалоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Иракли Ҭыжәба.

 

 

Last modified on Ахәаша, 21 Ажьырныҳәа 2022 19:36