Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АВЕТЕРАН ВАЛЕНТИНА ШУЛЬГИНА 100- ШЫҚӘСАТӘИ ЛИУБИЛЕИ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАНАҴЕИТ .

Ахәаша, 21 Ажьырныҳәа 2022 17:12 238

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2021. Апсныпресс. Ажьырныҳәамза 22 рзы 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аветеран Валентина Ефим-иԥҳа Шульгина  100 – шықәса лхыҵит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра аветеран лиубилеи инамаданы адныҳәалара ҟанаҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Ефим-иԥҳа! Атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭареи  Арбџьармчқәа рыруааи рыхьӡала шәиубилеи азы гәык-ԥсыкала  иҟаҵоу адныҳәалара шәыдышәкыл!

Шәара  Ҳаԥсадгьыл зыхьчаз, аҭынчра ҳзаазгаз аиааирагаҩцәа рабиԥара шәаҵанакуеит.

Ҳаҭырла сшышәзыҟоу агәра шәырго, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара шәнысымҩа Аԥсадгьыл гәык ала амаҵ ауразы иҿырԥшыганы иҟоуп. Иазгәоумҭар залшом шықәсырацәала Шәара  ҳреспублика аизҳазыӷьара иазкны ижәбоз аџьабаа, еиҵагыло аҿар рпатриоттә ааӡара аус аҿы ишәылшәыршаз акырӡа аҵак ду амоуп ҳара ҳзы!

Гәыкала ишәзеиӷьаҳшьоит, ҳаҭыр ду зқәу Валентина Ефим-иԥҳа, агәабзиара, ашықәсырацәа, анасыԥ, агәырӷьара, аизҳазыӷьара! Ишәзааигәоу ауаа рганахьала агәцаракреи ахшыҩзышьҭреи еснагь ишәыцзааит!

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа»  ***

Валентина Ефим-иԥҳа Шульгина Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Сталинград инаркны Берлин аҟынӡа днаӡеит.

Лара заҵәык лоуп Сталинградтәи ажәылара иалахәыз рҟынтәи иахьа Аԥсны зыԥсы ҭаны иаанхаз.

Сталинград ахьчара азы аиҿагылара аҿы иаалырԥшыз агәымшәара азы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Валентина Шульгина  «Агәымшәара азы амедал», «Сталинград ахьчаразы» амедал, иара убас  Курсктәи ажәылара азы «Аиаҵәа Ҟаԥшь аордени ланашьоуп.

 

Last modified on Асабша, 22 Ажьырныҳәа 2022 18:10