Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҾЫЦ ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАЗ ҬҞӘАРЧАЛТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АКТӘИ АОПЕРАЦИА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аԥшьаша, 20 Ажьырныҳәа 2022 13:30 253

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ҿыц еиҭашьақәыргылаз Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ажьырныҳәамза 18 рзы раԥхьатәи ахшараиурацхырааратә операциа - (кесарево сечение) мҩаԥган. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада Лали Гаргәылиа.

«Ажьырныҳәмза 18 рзы зцәа зтәымыз аԥҳәыс  амедицинатә рбагақәа рыла ахшараиурацхырааратә операциа лызун. Диит аҷкәхын. Уи икапан 3 кьылаки 600 грамми рҟынӡа инаӡоит. Ани асабии рҭагылазаашьа хар амам», - ҳәа адырра ҟалҵеит Лали Гаргәылиа.

Аҳақьым Хада лажәақәа рыла, уаанӡа ас еиԥш аоперациақәа рымҩаԥгара азы зцәа зтәымыз аҳәса Аҟәаҟа идәықәырҵон.

«Ҳара ҳоперациаҟаҵарҭа иахәҭоу ала еиқәыршәамызт. Уажәы уи иахәҭоу амаругақәа зегьы рыла еиқәыршәоуп. Ахәышәтәырҭа аоперациатә блок ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәага ҿыцқәа рыла ирхиоуп, иамоуп аԥҟараҟаҵарҭақәа ҩба. - акушер-гинекологиатәи ахирургиатәи. Иҟоуп иҿыцу арҩашьыгатә аппаратқәеи арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭарсра азы аппаратқәеи", - ҳәа илҳәеит лара.   

Аперсонал аганахьалагьы ауадаҩрақәа ҳамаӡам, дыҟоуп аԥҟарақәа ҟазҵо ахәыҷышьҭыхҩы-агинеколог, ахирургцәа, анестезиолог-реаниматолог, иара убас ахәыҷы даниилак ихәаԥшуа, игәабзиара аҭагылазаашьа гәазҭо  анеонатолог.

Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аргылара мҩаԥган Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Официалла Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аартын ԥхынҷкәынмза 29, 2021 шықәса рзы.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 20 Ажьырныҳәа 2022 17:18