Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

2021 ШЫҚӘСАЗЫ РИҴАТӘИ АРЕЛИКТӘ МИЛАҬТӘ ПАРК ИАҬААЗ РХЫԤХЬАӠАРА 716 НЫЗЫҚЬ - ҨЫК ИРЕИҲАХЕИТ.

Аԥшьаша, 20 Ажьырныҳәа 2022 12:32 232

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк 2021шықәсазы иаҭааз атуристцәа рхыԥхьаӡара азы адыррақәа аланарҵәеит.   

Зынӡа иҳаҩсыз ашықәс азы иҭиин 716 662  апарк аҭаларазы абилеҭқәа. Урҭ рыхәԥса 241 млн мааҭ иреиҳауп, урҭ рахьынтә 678 714 билеҭ  - зықәра наӡоу рзы ауп, 37 948 – ахәыҷқәа рзы ауп.

Зегьы реиҳа абилеҭқәа рыҭира аамҭахәҭаны иалкаахеит нанҳәамза. Ари аԥхынтәи амз азы иҭииз абилеҭқәа рыхәԥса аицҵалыҵ - 52 715 850 мааҭ рҟынӡа инаӡоит,  ԥхынгәымзазы ари арбага маҷк еиҵан – 50 535 800 мааҭ. Аҭааҩцәа рацәан рашәарамзеи цәыббрамзеи рзы. Иҭииз абилеҭқәа рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ рашәарамзазы - 39 364 200 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, цәыббрамзазы -  34 368 250 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Зегьы раасҭа еиҵаны алагалақәа ыҟан жәабранмзазы - 3 135 900 мааҭ, ԥхынҷкәынмзазы - 2 296 750 мааҭ. 

 

Last modified on Аԥшьаша, 20 Ажьырныҳәа 2022 16:32