Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АНРИ ИНАԤШЬБА ИҞАИҴАЗ АҲӘАРАЛА ИДУКАТЦӘА ИАЛАРҴАЗ АКАССАЦИАТӘ ШШАБӶЬЫЦ АХӘАԤШРА АХДЫРԤЕИТ.

Аԥшьаша, 20 Ажьырныҳәа 2022 14:33 246

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса рзы аҭыԥ змаз исанкциадоу амитинг иалахәыз Анри Инаԥшьба  идукатцәа иаларҵаз акассациатә шшабӷьыц Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ала ахәаԥшра ахдырԥеит.    

Иахьа Анри Инаԥшьба идукатцәа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ажьырныҳәамза 13, 2022 шықәсазы Анри Инаԥшьба  ихьырхәра аҳасабала мызкы иҭакра алхразы иаднакылаз аӡбамҭа аԥыхразы иаларҵаз ашшабӷьыц  ахәаԥшра азԥхьагәаҭан.

Ажьырныҳәамза 8 рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура заанаҵтәи аусеилыргарала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 (амассатә еилаҩынтра алахәхара), иара убас ахәҭаҷ 320 ахәҭа 1 ( «Амчра ахаҭарнак мчымхарала изныҟәара») инақәыршәаны,  ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса рзы Аҟәа ақалақь, Анапхгаратә Комплекс аҿаԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рылахәхара иадҳәалоу ацәгьоура аҿы игәҩароуп ҳәа ԥшьҩык ахацәа аанкылан. Адырҩаҽны амитинг иалахәыз даҽаӡәгьы даанкылан.

 

Last modified on Аԥшьаша, 20 Ажьырныҳәа 2022 17:59