Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҾЫ АПСИХОЛОГИАТӘ УСУРА АМҨАԤГАРА АЗНЕИШЬА ҾЫЦҚӘА РӠЫРГАРА МҨАԤЫСИТ.

Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 14:31 160

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы арратә психофизиологиа аганахьала аусура амҩаԥгара азнеишьа ҿыцқәа рӡыргара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит.  Арратә, аморал-психологиатә зыҟаҵара апсихолог, акаԥдан Нина Кәакәасқьыр апсихофизиологиатә тестҟаҵара иазку аиқәыршәагақәа ирыҵоу аҵакы ахадара дазааҭгылеит. Аппаратқәа «Психофизиолог», «БОС-терапиа» арратә психолог иусура аҿы  акыр ицхыраагӡа дуны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит лара. Апсихолог иарбоу иҿыцу аппаратқәа атәылахьчара Аминистрра аусура аҿы ралагалара азы   ажәалагала ҟалҵеит.

Аӡыргара ахыркәшамҭаз афильм «Биологическая обратная связь» арбара мҩаԥысит. Афильм арбара ашьҭахь аӡыргара иалахәыз апсихологиатә усураҿы иҿыцу азнеишьақәа рылацәажәара азы алшара роуит.  Апрезентациа аҿы Киров ихьӡ зху Арра-медицинатә академиа (ақ.Санкт-Петербург)  арратә психофизиологиа акафедра аматериалқәа ахархәара роуит.

 

Last modified on Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 19:06