Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ААУ АШЬАПЫЛАМПЫЛАСЫҨЦӘА ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ АТУРНИР РҼАЗЫҞАРҴОИТ.

Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 11:29 140

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьапылампыл азы аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет акоманда Асоветеидгылазегьтәи акатегориа змоу аӡбаҩ Пиотр Гаврилиади игәалашәара иазкны Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу иаарту атурнир аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны актәи аҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит, ҳәа иаанацҳауеит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵара мҩаԥысит ажьырныҳәамза 18 рзы аҟәатәи астадион «Динамо» аҿы.  Акоманда атурнир алахәхаразы иазыҟарҵоит Максим Никитски, Алексеи Иваненкои Витали Федоренкои.

Аицлабрақәа раламҭалазы атренертә штаб иазԥхьагәанаҭоит даҽа ҩ-ҽазыҟаҵарак рымҩаԥгара. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп 34-ҩык ашьапылампыласыҩцәа.

«Иарбоу атурнир ААУ акоманда азы – Шәача ақалақь ачемпионат аҽазыҟаҵара аетапны иҟоуп. Уи ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Витали Федоренко.

Иазгәаҭатәуп, ААУ акоманда Шәача ақалақь ачемпионат аҿы араӡны медал анашьахеит. Ачемпионат аихшьаалақәа рыла атурнир иреиӷьу абжахьчаҩыс далкаауп Мараҭ Агрба, иреиӷьу ажәылаҩыс - Леван Логәуа.

Атурнир ажьырныҳәамза 21-30 рзы ашьапылампылтә дәқәа «Спутник-Спорт» аҿы имҩаԥысраны иҟоуп. Иара  убас ААУ акоманда адагьы атурнир иалахәхоит гәдоуҭатәи акоманда «Риҵа».

Зынӡа атурнир аҿы ихәмаруеит 16 команда. Урҭ 4 гәыԥкны ишоуп: «Риҵа» агәыԥ «А» аҿы ихәмаруеит, ААУ акоманда агәыԥ «В» аҿы ихәмаруеит.  

Аԥснытәи акомандақәа раԥхьатәи ахәмаррақәа мҩаԥысуеит ажьырныҳәамза 21 рзы: ААУ  акомандақәа «Кичмаи», «Риҵа», «Сочи М» иацыхәмарраны иҟоуп.

 

Last modified on Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 19:30