Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

БАҬАЛ ҴӘЫЏЬБА АБАХҬАҾЫ АҬАКРАЛА ИХЬЫРХӘРА АҨНЫТӘ БААНДАҨРАЛА ИԤСАХУП.

Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 13:47 170

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акассациатә инстанциа аӡбарҭа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала уаанӡа иалхыз абахҭаҿы иҭакрала ахьырхәра жәабранза 22, 2022 шықәсанӡа аҩнытә баандаҩрала иаԥсахит.

Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы Акассациатә коллегиа Аҟәатәи аӡбарҭа ажьырныҳәамза  11, 2022 шықәсазы Баҭал Ҵәыџьба ихьырхәра алхразы иаднакылаз аӡбамҭа аԥыхразы аӡбамҭа аднакылеит. Иарбоу акассациатә коллегиа ахантәаҩыс дамоуп аӡбаҩ Мимоза Цушба, аилазаараҿы иҟоуп аӡбаҩцәа Роман Кәарҷиа, Маиа Кәыҵниа.

Ажьырнаҳәамза 11, 2022 шықәса  рзы Мараҭ Аҩӡба ихантәаҩрала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа ақалақь апроекратура аҟынтәи иалагалаз азыҳәамҭа ианахәаԥш ашьҭахь, Баҭал Ҵәыџьба  мызки 15 мши  – жәабранмза 22, 2022 шықәсанӡа иҭакразы аӡбамҭа аднакылеит.  

Заанаҵтәи аусеилыргарала Баҭал Ҵәыџьба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 ( амассатә еилаҩынтра алахәхара) инақәыршәаны, ԥхынҷкәынмза 21,2021 рзы Аҟәа ақалақь, Анапхгаратә Комплекс аҿаԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рылахәхара иадҳәалоу ацәгьоура аҿы дыгәҩароуп.

 

Last modified on Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 18:49