Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ УРЫСТӘЫЛАНТӘИ ИАИУЗ АҴАРАТӘ ЛИТЕРАТУРА АХӘԤСА 61 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.

Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 14:56 196

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ажурналистцәа арҵагашәҟәқәа актәи апартиа аагареи, уи иарбан раионқәоу иззоужьхо атәы рзеиҭеиҳәеит.

Аминистр ареспублика азы ас еиԥш акыр зҵазкуа азҵаара  – аҵара асистема ашколтә литература ала аиқәыршәара аҿы адгылара ҟазҵаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Сынтәа ҳара арҵагашәҟәқәа рыҭара ҳалагахьеит. Иҳауит 17маҭәар рзы 161 нызықь инареиҳаны ашәҟәқәа. Иарбоу асиа аҿы иҟоуп  71 хкы. Иааизакны аидара  55 916 кьыла иҟоуп, уи ахәԥса  61 млн. рҟынӡа инаӡоит.  Ҳарҵаҩцәеи ҳашкол адиректорцәеи ҳареи Ашықәс Ҿыц аламҭалазы иҳауз хәызмаӡам аҳамҭа даара ҳаҭыр ақәҵаны иҳадаҳкылеит. Агәра згоит ахәыҷқәагьы ҷыдала Аԥсны азы иҭыжьу ари алитература ҿыц ала гәахәарыла аҵара шырҵало. Хәышықәса иреиҵамкәа ҳара арҭ арҵагашәҟәқәа ишахәҭоу ала  рныҟәгара алҳаршароуп. Сара ашколқәа рдиректорцәа срыҿцәажәахьеит. Арҵаҩцәеи ахәыҷқәа рҭаацәеи арҵагашәҟәқәа анаҩс урҭ иааиуа аҵарашықәсқәа рзы ахархәаразы реиқәырхаразы ахьҟа рыҭаны  аҟаҵара аҿы ацхыраара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.

Аминистр иажәақәа рыла, Аԥснытәи ашколқәа  арҵагашәҟәқәа рыла реиқәыршәара аҿы ацхыраара ҟарҵоит Урыстәыла иреиҳаӡоу анапхгареи аҵара Аминистрреи рыдагьы, аекономикатә ҿиара Аминистрра, аҭыжьымҭа «Просвещение» ацхыраарала ари апроект еиҿызкааз Афонд «Русский мир».

Уи иара убас Аԥсны анапхгара, ахәҭакахьала афинансқәа Рминистрреи аекономика Аминистрреи аидара аагараҿы иҟарҵаз ацхыраара азы иҭабуп иҳәеит.

«Ҳара арҵагашәҟәқәа араионқәа рахь иҳашьҭхьеит: Гал араион – макьаназы инагӡаны шәҟәыла еиқәыршәаӡам, Ҭҟәарчал, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәа инагӡаны еиқәыршәоуп. Ҳара Аҟәатәи ашколқәа шәҟәыла реиқәыршәара мҩаԥаагоит. Анаҩс Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа еиқәыршәахоит», - ҳәа иҳәеит аминистр.

Уи иажәақәа рыла, Аминистрра 1-тәи - 7-тәи аклассқәа шәҟәыла реиқәыршәара алнаршоит.

Жәабранмзазы арҵага шәҟәқәа аҩбатәи апартиа аара ҳазыԥшуп - 8-тәи – 11-тәи  аклассқәа рҵаҩцәа рзы 100 нызықь екземплиар рҟынӡа инаӡо арҵагашәҟәқәа роуп.

Инал Габлиа иара убас иҟаиҵаз адыррақәа рыла,  урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала  иарбоу алитература еффективла ахархәара алыршара хықәкыс иҟаҵаны арҵаҩцәа рыквалификациа аизырҳара иазкны аметодикатә семинарқәа мҩаԥыслоит. «Есышықәса алитература маҷк иадамзаргьы аҽаԥсахуеит, уи акы ацлоит, акы агхоит, иҿыцу адҵақәеи аҽаршьцыларақәеи ацлоит. Убри зегьы ҳколлегацәеи ҳареи ҳасаб аҳҭоит.  Агәра ганы сыҟоуп, абри зегьы ҳҵарадырра аҩаӡара ашьҭыхра ишацхраауа», - ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.

Last modified on Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 18:25