Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Валери  Кәарҷиа Алеко Гәарамиа иира Амш идиныҳәалеит.  

Ашәахьа, 07 Цәыббра 2020 15:58 529

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2020 ш. Аҧсныпресс.   Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит. 

Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алеқсеи-иҧа!

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа шәиубилеитә рыцхә!   

Шәара шәыҧсҭазаара зегьы ишәызгәакьоу Аҧсны иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп, Шәара зыхьӡ адунеи аҿы еицырдыруа ҵарауаҩуп, аҧышәа ду змоу рҵаҩуп, абаҩхатәра змоу напхгаҩуп, зыхьӡ нагоу политикатә, ҳәынҭқарратә, уаажәларратә усзуҩуп.    

Шәара аус шәыцызуа, шәҩызцәа, шәааӡамҭацәа, аҭҵаарадырраҟны, арҵаҩратә усураҟны, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгараҟны шәааигәа иҟоу азхаҵара арҭоит, ҳаҭыр ақәырҵоит шәара шәылшамҭақәа, шәдунеихәаҧшра.   

Шәлагаламҭа дууп ҳтәыла аҿиараҟны Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет – Жәлар Реизара Апарламент актәи ааҧхьара адепутат иаҳасабала. Иахьагьы аиҳабыра амчрақәа, ауаажәларра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика азҵаарақәа рылацәажәараан  шәабжьгарақәа ҳаҭыр рықәырҵоит, ирзыӡырҩуеит. 

Шәара шәыхьӡ Аҧсназы гәадуроуп – Шәара адунеи аҿы иналукааша аспециалистцәа шәыруаӡәкуп аматематика аусхк аҟны, ҳазҭагылоу аамҭазтәи алгебраҟны иҵаулоу Шәара шәыҭҵаарақәа жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә уаажәларра рыҩныҵҟа азхаҵара рымоуп.

Шәара авторс шәрымоуп адунеи атәылақәа жәпакы рыҟны аматематикатә ҭыжьымҭақәа рҿы икьыҧхьу 100 инареиҳаны усумҭа, шәрылахәын зыҩаӡара ҳараку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә форумқәа, Шәара шәыҭҵаарадырратә усумҭақәеи имҩаҧыжгахьоу аҭҵаарақәеи аҵарауаа реидгыларақәа рыҟнытә изыхәҭоу ахәшьара роухьеит. Сократ ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аилак ишәананашьахьеит аҳаҭыртә хьӡы «Аҭҵаарадырраҟны ахьӡ», «Адунеитә ҭҵаарадырраҟны алагаламҭа» ҳәа аорден, шәыхьӡ XXI ашә. иналукааша аҵарауаа адунеитәи рреестр иалагалоуп. 

Шәара Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа шәакадемикуп, Урыстәылатәи иҧсабаратәу аҭҵаарадыррақәа ракадемиа шәакадемикуп, Адыгеиатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа шәакадемикуп, Европеи Оксфордтәи Академиатә Еидгыла Ахеилаки рректорцәа рыклуб шәалахәҩуп.

М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Адыгеиатәи, Арцахтәи, Приднестровиатәи аҳәынҭуниверситетқәа ҳаҭыр зқәу рдоктор, Алада Уаҧстәыла Ареспублика аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡқәа шәыхҵоуп.

Шәара ишәымоу ахьӡ-аҧша иабзоураны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Евразиатәи ауниверситетқәа рассоциациеи Оксфордтәи Академиатә Еидгылеи рышҟа ирыдыркылеит.

Иахьа Шәара шәыҧсҭазаара ҵакыс иамоуп, уи агәрагарагьы шәымоуп ҳтәылаҟны аҵара милаҭтә идеианы аҟалара.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахә ҳаракны иашьеит аҭҵаарадырраҟны жәларбжьаратәи азхаҵара зауз шәеихьӡарақәа, Ареспубликаҟны иреиҳаӡоу аҵара аҿиараҟны хаҭалатәи шәлагала – Шәара ишәанашьоуп Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа ҳаракы– «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара, Шәара иара убас ишәыхҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩы ҳәа ахьӡ. 

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алексеи-иҧа, Шәара Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны шықәсырацәала ишәааӡо астудентә абиҧарақәа шәааҧсара иаҧсахеит ҳҳәартә иҟоуп.

Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит шәыгәҭакқәа, ишәымоу аҭҵаарадырратә идеиақәа рынагӡара, зеихьӡарақәа насыҧ шәырҭо шәааӡамҭацәагьы акыр шықәса шәрыгымхааит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа шәыманы!

 

 

 

 

 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 07 Цәыббра 2020 16:03