Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аслан Камлиа: “Ҳара аринахысгьы аҽыбҕаҟазаратә еицлабрақәа рҿы аиааирақәа ргара ҳҽазаҳшәалоит”.

Ашәахьа, 14 Цәыббра 2020 16:25 399

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2020 ш. Аҧсныпресс. Ҭамара Ачҧҳа. Цәыббрамза 19 рзы Бзыҧтәи аипподром аҿы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агара азы ареспубликатә ҽыбҕаҟазаратә турнир. Атурнир аҧхьахәтә фонд –1 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Атурнир апрограмма аҿы адистанциақәа - 1 200 м, 1 400 м, 1 600 м, 1 800 м, 2 000 м, 2 400 м и 3 200 м рыла аиҧхныҩларақәа быжьба азҧхьагәаҭаны иҟоуп.

Атурнир аламҭалазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭҭә олимпиатә Еилакы жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы аофициалтә хаҭарнак Аслан Камлиа Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аҧсны аҽыбҕаҟазаратә спорт аҿиара шымҩаҧысуа атәы далацәажәеит.

“Аҽыбҕаҟазаратә спорт– ари х-нызықь шықәса инарзынаҧшуа зхыҵуа, жәытә-натә аахыижьҭеи ауаа акыр изызҿлымҳаз аусмҩаҧгатәқәа иреиуоуп. Иахьатәи амш азы уи адунеи зегьы аҿы акыр изызҿлымҳау спорттә хкуп. Исгәалашәоит аҧсуа ҽыбҕаҟазацәа Урыстәыла имҩаҧысуаз аҽырыҩрақәа рҽалархәны аҧшь еицлабрак рҿы аиааира аныргоз. Сара даара агәахәара сызцәырҵуеит иаахәаз аҽыҩқәа ракәымкәа, аҧснытәи аҽыааӡаҩцәа ирааӡаз аҽыҩқәа аиааира ахьыргаз.  Иахьа ҳара ҳхатәы аҽқәа раӡаразы алшара ҳамоуп”, - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Камлиа.

Уи аҵыхәтәантәи аамҭазы аҧснытәи аҽыбҕаҟазаҩцәа алҵшәа бзиақәа аадырҧшуеит ҳәа  гәахәарыла иазгәеиҭеит. Нанҳәамза 29 рзы  1400 метра  рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы Даур Агәыхаа ҩышықәса зхыҵуа иҽҵыс “Сафари гейт” аҿы актәи аҭыҧ ааннакылеит.  Егьи актәи аҭыҧ ааннакылеит Ахра Бебиа ҩышықәса зхыҵуа иҽҵыс”, - ҳәа иҳәеит Аслан Камлиа.

Аслан Камлиа игәаанагарала, ҩышықәса инеиҧынкыланы – в 2017 и 2018 шш. – аҧснытәи аҽыбҕаҟазацәа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иаҧхьахә агаразы аицлабра аҿы ирылшаз аиааира агара даҽа еихьӡара дуны иҟалеит.

“Аӡәырҩы иџьаршьоит Аҧсны хәыҷы ас еиҧш аихьӡара дуқәа раарҧшра ахьалшо. Сара сгәаанагарала, иааиуа ашықәс азы еиҳагьы алҵшәа бзиақәа раарҧшра ҳалшоит”, -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Камлиа. 

 Уи иажәақәа рыла, зегьы иреиҳау уадаҩраны иҟоу– ахарџь рацәа зцу аҽыбҕаҟазаратә спорт афинанстәра ауп.

 “Хыҧхьаӡара рацәала ауаа аҽы ақәтәара рҵарц рҭахуп, аҽырыҩрақәа рылахәхара азы агәазыҳәара рымоуп, аха ҳара ауаа ихымҧадатәиу аплошьадка ала реиқәыршәара азы алшара ҳамаӡам. Иахәҭоу аресурсқәа ыҟаӡам, аха убри аан, аҟыбаҩ ду  злоу ауаа рацәоуп. Сара лассы-лассы Урыстәылатәи аипподромқәа сырҭаауеит, избоит уаҟа аиҳабацәа рнаҩс ахәыҷқәагьы аҽыбҕаҟазара ишазҿлымҳау, аҽы ақәтәашьа шырҵо.  Даараӡа ишьахәын ҳтәылаҿгьы ас еиҧш алшарақәа ыҟазҭгьы”, - ҳәа иҳәеит иара.

 

 

Last modified on Аҩаша, 15 Цәыббра 2020 13:56