Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҧсны ауаажәларратә еилазаара акоронавирустә ҿкы чымазара зыхьыз рхыҧхьаӡара аизҳара инамаданы аҧкратә усмҩаҧгатәқәа ралагалара азы аҧшьгара ҟарҵоит.  

Ашәахьа, 07 Цәыббра 2020 15:36 402

 

Аҟәа. Цәыббрамза 7. Аҧсныпресс.  Акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыҧхьаӡара иаалырҟьаны иахьеиҳахаз инамаданы, Аҧсны ауаажәларра ахаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь ареспублика аҿы асанитар-епидемиологиатә аҧкрақәа ралагаларазы аҳәара зну ашәҟәы дәықәырҵеит.  Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит жәаҩыла ауаа. 

Анапынҵамҭақәа реизгара мҩаҧысуеит асаит https://www.change.org/p/президент-и-парламент-ра-введение-ограничительных-санитарно-эпидемиологических-мер-в-абхазии/psf/share?share=1 аҿы.

Ашәҟәы авторцәа ажәалагала ҟарҵоит:

Атәыла аҿы амассатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара азы ақәиҭымтәра алагалара.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы, аушьҭра-гәаҭаратә ҧыҧшырҭа аҟны ареспублика иалало ауаа рымцашоура агәаҭара амҩаҧгара.

Ашколқәа рҿы, ахәыҷбаҳчақәа, егьырҭ азеиҧшҵараиурҭақәа рҿы COVID-19 злаҽыз раарҧшраан, хазы-хазы аклассқәа, агәыҧқәа рҿы акрантин алагалара.

Аҳәынҭқарратәии акомерциатәи аиҿкаарақәа рҿы, иара убас массала ауаа ахьеизо аҭыҧқәа рҿы амедицинатә сабрадақәа рныҟәгара азы ихымҧадатәиу арежим алагалара, иара убас арежим аилагара азы ахараҧса аршәара алагалара. 

Аҧтекақәа, адәқьанқәа, аџьармыкьақәа, уҳәа ауаа массала иахьеизо егьырҭ аҭыҧқәа рҿы адырганҵақәа рышьақәыргылара; асоциалтә бжьаӡаара ақәныҟәара, ауадақәа рыҩныҵҟа амедицинатә сабрадада анамышьҭра; анапқәа, ауадақәа, аҽхышәқәа, уҳәа асанитартә усдулара амҩаҧгара.

Акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҵәара аанкылара иазырхоу аҧкратә уснагӡатәқәа рынамыгӡара азы ахьырхәратә усмҩаҧгатәқәа рсистема алагалара.

Ауаажәларратә транспорт иааиҧмырҟьаӡакәа асанитартә усдулара анагӡара.

Иҟоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны ачымазара злаҽыз апациентцәа ахәышәтәырҭахь рнагара аиҿкаара.

Акоронавирус злаҽыз рҽыҧхьакра арежим ахылаҧшра ҕәҕәа аҭареи, рыҩны ишыҟоу амбулатортә хәышәтәра аиҿкаареи.

COVID-19 зыхьыз ачымазцәа рыхәшәтәра знапы алаку аҳақьымцәеи амедицинатә персонали руалафахәы иахәҭоу аҩаӡара аҟынӡа ашьҭыхразы иназыцҵоу аҧаратә хархәагақәа рзоужьра. 

Иназыцҵоу амедицинатә персонал адыҧхьалараҿы ацхыраара азы аҧсуа диаспора ахь аҳәара аҟаҵара. Аҧкратә режим ахылаҧшра аҭаразы азинхьчаратә усбарҭақәа радыҧхьалара.

Ашәарҭара агәыҧ иаҵанакуа  апациентцәа ашьақар чымазара, акьыба чымазара, илаҽу аҷаҷа чымазара, уҳәа) иааиҧмыркьаӡакәа ргәабзиара аҭагылазаашьа  амониторинг зцу акарантин арежим ахь рыиагара. Аҵыхәтәантәи аиҭакра. Ашәахьа. Цәыббрамза 7, 2020 ш. 12:06.