Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛХРАТӘ КОМИССИА ХАДА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА РАЛХРАҚӘА РЕИҾКААРЕИ РЫМҨАԤГАРЕИ ИРЫЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫМЗАРТӘ ПЛАН ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 11:40 116

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны алхратә Комиссиа Хада Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымзартә план шьақәнарӷәӷәеит. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡареи алхратә округқәа рҳәаақәеи, рыҟазаара аҭыԥқәеи зну алхратә округқәа рсиақәа реиқәыршәареи ркьыԥхьреи - ажьырныҳәамза 21 аҟынӡа.

Алхратә округқәа ркомиссиақәа раԥҵара –ажьырныҳәамза 31аҟынӡа.

Алхратә ҭыԥхадақәеи алхратә ҭыԥхадатә комиссиақәеи раԥҵара -  ажьырныҳәамза 31 аҟынӡа.

Аполитикатә партиақәа, аԥшьгаратә гәыԥқәа  рышәҟәҭагалара  - 2022 шықәса, ажьырныҳәамза 21 инаркны жәабранмза 10 аҟынӡа, асааҭ  18:00 аҟынӡа.

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара  - 2022 шықәcа, ажьырныҳәамза 21 инаркны жәабранмза 10, 18:00 аҟынӡа. Адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара 2022 шықәса, жәабранмза  10 инаркны хәажәкырамза 2 аҟынӡа.

Адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара азы адыррақәа ркьыԥхьра ҟалароуп ашәҟәҭагалара ашьҭахь ԥшьымш иахымгакәа.

Алхыҩцәа абжьыҭира аамҭеи аҭыԥи рзы адыррақәа рыҭара - алхрақәа рымҩаԥгара аҟынӡа 10 – мыш еиҵамкәа.  (2022 шықәса, хәажәкырамза 2 инаркны).

Алхыҩцәа рсиа азеиԥшдырра азы рыдгалара – алхрақәа рымҩаԥгара амш аҟынӡа  10-мыш еиҵамкәа (2022 шықәса, хәажәкырамза 2 иахымгакәа).

Аокругқәа рҿы иҟоу акомиссиақәеи аучасткақәа рҿы иҟоу акомиссиақәеи алхратә биуллетеньқәа рыла реиқәыршәара – алхрақәа рҟынӡа мышкы-ҩымш шыбжьоу.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхра амш аҽны абжьыҭира амҩаԥгара -  2022 шықәса, хәажәкырамза 12 рзы, асааҭ  08:00 инаркны 20:00 аҟынӡа.

Алхратә ҭыԥхадақәа рҟынтәи абжьыҭира алҵшәақәа рзы апкаанҵақәа аокругтә алхратә комиссиақәа рахь рынашьҭра – 2022 шықәса, хәажәкырамза 12-13 иахымгакәа. 

Аокругтә алхратә комиссиақәа рҟынтәи апкаанҵақәа алхратә Комиссиа Хада ахь рынашьҭра – алхрақәа рышьҭахь ҩымш иахымгакәа.

Заанаҵтәи алҵшәақәа рзы адыррақәа рыҟаҵара – 2022 шықәса, хәажәкырамза 13 рзы.

Иалху адепутатцәа рышәҟәҭагалара – 7-мшы ирхымгакәа.

Алхрақәа рылҵшәақәа рзы адыррақәеи Жәлар Реизара-Апарламент ахь  иалху адепутатцәа рсиақәеи ркьыԥхьра – 7-мшы ирхымгакәа. 

Аиҭалхрақәа рымҩаԥгара – 14 –мшы ирхымгакәа. ***

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53, апункт 15, иара убас «Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 7 инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза 13, 2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә ашьақәырӷәӷәара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза 12, 2022 шықәса рзы.

 

 

Last modified on Аҩаша, 18 Ажьырныҳәа 2022 12:33