Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП АЛХРАТӘ ОКРУГҚӘА РСИА.

Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 13:43 146

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 12 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь адепутатцәа ралхрақәа.  Алхратә Комиссиа Хада алхыҩцәа рхыԥхьаӡареи алхратә округқәа рҳәаақәеи, рыҟазаара аҭыԥқәеи зну алхратә округқәа рсиақәа  рышьақәырӷәӷәара мҩаԥнагеит. ***

Алхратә округ №1 (Аҳабла Ҿыц) Ацентр:

Аҩнусбарҭа № 5, Агрба имҩаду, аҩны №3.

Аҳәаақәа: аладантәи: аихамҩа инаваршәны; мрагыларантәи Аргәын имҩаду аҟынӡа; мраҭашәарантәи Аҟәа араион аҳәаа аҟынӡа; аҩадантәи – Агрба имҩа еиҩшо аган; мрагыларантәи – Киараз имҩала игылоу аҩнқәа №14 инаркны №20 уахь иналаҵаны; мраҭашәарантәи – Аҟәа араион иахьаԥну аҟынӡа, Гәымсҭа Амассив уахь иналаҵаны.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 5111 – ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №2 (Аҳабла Ҿыц) Ацентр: абжьаратәи ашкол № 5 ахыбра, Картозиа имҩаду, аҩ. №7.

Аҳәаақәа: аладантәи: Аргәын имҩаду ала иҟоу аргыларақәа, Киараз имҩа еиҩымшо агани еиҩшо аган ала игылоу аҩнқәа № 2 инаркны 12 аҟынӡа; Агрба имҩа еиҩымшо аган; аладантәии мрагыларантәии – Севернаиа амҩа уахь иналаҵаны; мраҭашәарантәи – Гәымсҭатәи амҩа аҩны №27 уахь иналаҵаны.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 5598 – ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №3 (Аихамҩа Аҳабла) Ацентр: Аҩнусбарҭа №4, Ешба имҩаду аҩны №169.

Аҳәаақәа: аладантәи–Деповскаиа амҩала аихамҩа инаваршәны; мраҭашәарантәи Севернаиа амҩа аҟынӡа; аҩадантәи Аҟәа араион иахьаԥну аҟынӡа;  мрагыларантәи Ҭраԥшь имҩа аҟынӡа уахь иналаҵаны.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 4884 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №4 (Аҩадатәи) Ацентр: Ақалақьтә поликлиника, Ӡиӡариа имҩаду, аҩны № 20.

Аҳәаақәа: мраҭашәарантәи – Ԥачлиа имҩаууи Аланаа рымҩеи (уахь иналаҵаны); аҩадахьала – Аҟәа араион иахьаԥну аҟынӡа; мрагыларантәи Аҟәатәи ашьха аҟынӡа; аладантәи – аихамҩа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3764 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №5 (Синоптәи) Ацентр: Аҟәатәи афизика-техникатә Институт (СФТИ) административтә корпус, Кәыдрытәи амҩаду  аҩны № 665.

Аҳәаақәа: мрагыларантәи – Басла аӡиас армараԥшаҳәатә ган; аҩадантәи – Кьалашәыр аӡиас арӷьарахьтәи аӡхықә аган; аладантәи – амшын аԥшаҳәа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 4256 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №6 (Агәҭантәи) Ацентр: Абжьаратәи ашкол №10, Аиааира амҩа, аҩны №33.

Аҳәаақәа: мраҭашәарантәи – Инал-иԥа имҩа еиҩшо аган; аҩадантәи аихамҩа аганахьала; мрагыларантәи Ажәанба имҩа еиҩымшо аган; аладантәи – амшын аԥшаҳәа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 5421 – ҩык рҟынӡа инаӡоит .

Алхратә округ №7 (Абиблиотека) Ацентр: Ареспубликатә библиотека, Лакоба  имҩа аҩны № 111.

Аҳәаақәа: мраҭашәарантәи – Аӡаԥшь аӡиас армараԥшаҳәатә ган; аҩадантәи аихамҩа аганахьала; мрагыларахьынтәи Инал-Иԥа имҩа еиҩымшо аган; аладахьала – амшын аԥшаҳәа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 5361 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №8 (Алашарбага аҳабла) Ацентр: Агидротехникатә Институт (ГИАНА), Красномаиакскаиа амҩа.

Аҳәаақәа: мраҭашәарантәи Аҟәа араион иахьаԥну аҟынӡа; аҩадантәи – аихамҩа аганахьала; мрагыларантәи – Аӡаԥшь аӡиас арӷьарахьтәи аӡхықә аган; аладантәи  – амшын аԥшаҳәа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 4036 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №9 (Мрагыларатәи)* Ацентр: Ахәыҷтәы поликлиника, Лакоба имҩа, аҩны №11.

Аҳәаақәа: Аҟәа ақалақь: мраҭашәарантәи – Ажәанба имҩа еиҩшо аган; аҩадантәи – аихамҩа аганахьала, Аҟәатәи ашьха; мрагыларантәи – Басла аӡиас  арӷьарахьтәи аӡхықә аган; аладантәи – амшын аԥшаҳәа, иара убас Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭа, Кьалашәыр ақыҭа, Ӡыгәҭа ақыҭа..

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3886 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №10 (Пицундатәи) Ацентр: Пицунда ақалақь Акультура Аҩны ахыбра, Гыцба имҩа, аҩны  № 7.

Аҳәаақәа: Пицунда ақалақь иахьаҵанакуа, Лӡаа ақыҭа иахьаҵанакуа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 4306 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №11 (Бзыԥтәи) Ацентр: Бзыԥҭа аҳабла Ахадара ахыбра, Ешба имҩа, аҩны № 47-а.

Аҳәаақәа: Бзыԥҭа аҳабла, Алаҳаӡы ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 5230 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ № 12 (Гагратәи) Ацентр: Лакоба имҩа ала игылоу ахыбра, аҩны №17.

Аҳәаақәа: Гагра ақалақь иахьаҵанакуа: амшын аԥшаҳәа инаркны – Саиат-Нова амҩа (еиҩымшо аган), Акосмонавтцәа рымҩа аҩганк, Ԥсахара  ақыҭа уахь иналаҵаны.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 4389 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ № 13 (Гагра ақалақьтә) Ацентр: Ақалақьтә Нхамҩа Аусбарҭа (УГХ) ахыбра, Демерџьиԥа имҩа, аҩны № 35.

Аҳәаақәа: Гагра ақалақь иахьаҵанакуа, амшын аԥшаҳәа инаркны Саиат-Нова амҩа (еиҩымшо аган) инаркны Багрыԥсҭа ақыҭа аҟынӡа уахь иналаҵаны.  

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 6813 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №14 (Цандрыԥшьтәи) Ацентр: Цандрыԥшь аҳабла Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Цандрыԥшь аҳабла, Ҳашԥсы ақыҭа, Амзара ақыҭа, Маҳадыр ақыҭа, Мкиалрыԥшь ақыҭа, Гиачрыԥшь ақыҭа, Хышхарыԥш ақыҭа. 

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 5429 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №15 (Оҭҳаратәи) Ацентр: Оҭҳара ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Калдахәара ақыҭа, Амжыкәхәа ақыҭа, Блабырхәа ақыҭа, Мысра аҳабла, Бармышь ақыҭа, Оҭҳара ақыҭа, Мгәыӡырхәа ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3142 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №16 (Дәрыԥшьтәи) Ацентр: Дәрыԥшь ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Дәрыԥшь ақыҭа, Хәаԥ ақыҭа, Жәандәрыԥшь ақыҭа, Хыԥсҭа ақыҭа, Џьырхәа ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3952 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №17 (Лыхнытәи) Ацентр: Лыхны ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Лыхны ақыҭа иахьаҵанакуа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3578 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №18 (Гәҭоуҭа ақалақь актәи) Ацентр:  Аԥсшьарҭаҩны «Алашара» ахыбра.

Аҳәаақәа: мраҭашәарантәи – Лыхны ақыҭа иахьаԥну аҟынӡа; аҩадантәи – Лыхны ақыҭа иахьаԥну  аҟынӡа; мрагыларантәи – Пушкин имҩа еиҩымшо аган; аладантәи –  амшын аԥшаҳәа.              

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3666 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. 

Алхратә округ №19 (Гәҭоуҭа ақалақь аҩбатәи) Ацентр: Асоциалтә еиқәыршәара араионтә ҟәша ахыбра, Амҳаџьыраа рымҩа, аҩны № 8.

Аҳәаақәа: мраҭашәарантәи – Пушкин имҩа еиҩшо аган;  аладантәи – амшын аԥшаҳәа; алада-мраҭашәарантәи – Лыхны ақыҭа иахьаԥну аҟынӡа; аҩада-мрагыларантәи Ҟәланырхәа ақыҭа иахьаԥну аҟынӡа.  

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3143 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №20 (Аацытәи) Ацентр: Аацы ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Аацы ақыҭа, Ҟәланырхәа ақыҭа, Абӷархықә ақыҭа, Аҷандара ақыҭа, Мҵара ақыҭа, Приморское ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3678 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №21 (Афонҿыцтәи) Ацентр: Афон Ҿыц Ахадара ахыбра, Ладариа имҩа, аҩны № 3.

Аҳәаақәа: Афон Ҿыц ақалақь, Анхәа ақыҭа, Ԥсырӡха ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 2648 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №22 (Ешыратәи) Ацентр: Ешыра ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа:  Ешыра ақыҭа, Аҩада Ешыра ақыҭа, Ԥсҳәы ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 2353 - ҩык.

Алхратә округ №23 (Гәымсҭатәи) Ацентр: Гәымсҭа ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Иашҭхәа ақыҭа, Гәымсҭа ақыҭа, Гәыма ақыҭа, Аԥра ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3234 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №24 (Ԥшьаԥтәи) Ацентр: Ԥшьаԥ ақыҭа Ахадара ахыбра.  

Аҳәаақәа: Ԥшьаԥ ақыҭа, Гәылрыԥшь аҳабла, Симонов, Калцеваиа амҩақәеи Аконституциа ашҭеи уахь иаламҵакәа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3328 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №25 (Маҷаратәи) Ацентр: Мыҷара ақыҭа Ахадара ахыбра, Абжьыуаа рымҩаду, аҩны № 145.

Аҳәаақәа: Баӷбаран ақыҭа, Ҵабал ақыҭа, Мархьаул ақыҭа, Маҷара ақыҭа, Ажара ақыҭа, Гәылрыԥшь аҳабла Симонов, Кальцеваиа амҩақәеи Аконституциа ашҭеи уахь иналаҵаны.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 5165 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №26 (Драндатәи) Ацентр: Дранда аҳабла Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Кацикыҭ ақыҭа, Бабышьра ақыҭа, Дранда аҳабла.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3924 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №27 (Баслахәтәи) Ацентр: Баслахә ақыҭа Акультура Аҩны ахыбра.

Аҳәаақәа: Баслахә ақыҭа, Маркәыла ақыҭа, Џьал ақыҭа, Ачгәара ақыҭа,  Шешелет ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 2332 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №28 (Гәыԥтәи) Ацентр: Гәыԥ ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Арасаӡыхь ақыҭа, Гәыԥ ақыҭа, Акәсқьа ақыҭа, Река ақыҭа, Ԥақәашь ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 2234 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №29 (Ҷлоутәи) Ацентр: Ҷлоу ақыҭа Акультура Аҩны ахыбра.

Аҳәаақәа: Ҷлоу ақыҭа, Мықә ақыҭа, Араду ақыҭа, Ҭхьына ақыҭа, Уатаԥ ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 2548 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №30 (Кәтолтәи) Ацентр: Кәтол ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Кәтол ақыҭа, Џьгьарда ақыҭа, Ӷәада ақыҭа, Лабра ақыҭа, Лашькьындар ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 2491 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №31 (Кындыӷтәи) Ацентр: Кындыӷ ақыҭа Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Аҭара ақыҭа, Аӡҩыбжьа ақыҭа, Аракьич ақыҭа, Аҭара-Аермантәи, Кындыӷ ақыҭа, Тамшь ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 2485 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №32 (Очамчыратәи) Ацентр: Очамчыра араион Ахадара ахыбра, Шьынқәба имҩа, аҩны № 65.

Аҳәаақәа: Очамчыра ақалақь, Елыр ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 4066 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №33 (Ҭҟуарчалтәи актәи) Ацентр: Ақалақьтә нхамҩа-коммуналтә Усбарҭа ахыбра, Абжьыуаа рымҩаду, аҩны № 16.

Аҳәаақәа: Ҭҟәарчал ақалақь (Аҟармара, Џьантуохә, Полиана, Харчилаа),  ақалақь амҩақәа зегьы рҿы. Аалӡга аӡиас арӷьарахьтәи аӡхықә аган,  Лакоба, Аиндустриалтәи, Чачхалиа, Аишьцәа Матуаа, Островски, Чехов амҩақәа уахь иаламҵакәа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 3876 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №34 (Ҭҟәарчалтәи аҩбатәи) Ацентр: абжьаратәи ашкол №4, Лакоба имҩа, аҩны № 20.

Аҳәаақәа: Аалӡга аӡиас армараԥшаҳәатә ган ала иҟоу амҩақәа зегьы, Лакоба, Аиндустриалтә, Чачхалиа, Аишьцәа Мтуаа, Островски, Чехов амҩақәа, Ҭҟәарчал ақыҭа, Бедиа ақыҭа, Агәыбедиа ақыҭа, Бедиа ду уахь иналаҵаны. 

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 1954 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Алхратә округ №35 (Галтәи) Ацентр: Гал араион Ахадара ахыбра.

Аҳәаақәа: Гал араион, Чхәартал ақыҭа, Уақәым ақыҭа, Ҵарча ақыҭа, Гәымарқыҭ ақыҭа, Галхәыҷы ақыҭа, Гәымрышь ақыҭа, Речхәы ақыҭа.

Алхыҩцәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара: 1359 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. 

__ * Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада ажьырныҳәамза 12, 2022 шықәса рзы иаднакылаз  аӡбамҭа ала алхатә ҭыԥқәа №3 и №4 аҳәаақәа   алхратә округ №4 (Аҩадатәи) аҳәаақәа ралгареи, анаҩс уи Баслаҭатәи алхратә окрг  алхратә ҭыԥқәа адҵареи рыла алхратә округ №9 (Мрагыларатәи) аԥҵоуп.   Иарбоу аӡбамҭа алхратә округқәа рҿы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара аицеиҟарара (аизышәара)  апринцип ала ирыдыркылеит. 

 

 

Last modified on Аҩаша, 18 Ажьырныҳәа 2022 12:30