Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АОБИЕКТ «БАСЛАҬ-АӠФЫМЦАСТАНЦИА» АЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РЗИНШӘҞӘҚӘА РЗАКӘАНРА АГӘАҬАРА МҨАԤНАГОИТ.

Ашәахьа, 06 Ԥхынкәын 2021 17:57 103

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аӡбаҩ Лииа Адлеиба лхантәаҩрала  актәи аинстанциа аӡбаҩцәа Екатерина Онишьенко, Ҭемыр Шьониа, рыла ишьақәгылоу Аҧсны Аҳәынҭқарра  Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа  аӡбаҩцәа  реилазаара, аҿы аусеилыргара азы иҟоуп апрокрор Хада Адгәыр Агрба иҟынтәи  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьустә Закәанеидкыла инақәыршәаны инашьҭыз админимтративтә  зыҳәамҭа.  Абри азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҟны.

Ԥхынҷкәынмза 1, 2021 шықәсазы  Иреиҳаӡоу Аӡбамҭа ахь инашьҭыз иарбоу азыҳәамҭа аҿы апрокурор Хада аӡбарҭа ахь аҳәара ҟаиҵоит хәажәкырамза 4, 2020 шықәсазы Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Баслаҭ-Аӡфымцастанциа» амазаратә комплекс азы» Ақәҵареи мшаҧымза 16, 2020 шықәсазы  ирыдыркылаз «Баслаҭ-Аӡфымцастанциа» амазаратә комплекс зегьы зыприватизациа азура ҟало, уи азы иаҧҵатәу аҭагылазашьақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» Ақәҵара № 58, иара убас, рашәарамза 19, 2020 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент иаднакылаз «априватизациа ззура ҟало аҳәынҭқарратә мазара аобиектқәа иназыцҵоу рсиеи априватизациа амҩаҧгаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәеи рышьақәырӷәӷәареи рзы» Ақәҵара азинмчы рымам ҳәа ашьақәырӷәӷәаразы аҳәара ҟаиҵоит.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Аҧсны акультура Аминистрра ахьӡала иалкаам гәыҧҩык  ауаа ринтересқәа рыхьчара азы аӡбарҭахь дадҵаалеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, ари адҵаалара амазаратә комплекс «Баслаҭ-Аӡфымцатә станциа» Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхақәас иҧхьаӡоу аобиектқәа  иахьрыҵанакуа ауп ҵаҵӷәыс иаиуыз.

Ари аус ала административтә ҭакҟаҵаҩыс иқәгылоуп Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламенти Аҧсны аминистрцәа Реилазареи, иазеинтресу ахаҿқәас иҟоуп аекономика Аминистрра, аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы,  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеқәафымцамч», иара убас Зҭакҧхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «КаРо» ирыбжьаҵаз  аиқәшаҳаҭреи Амазаратә комплекс «Баслаҭа-Аӡфымцатә станциа» аахәара-аҭира акти инақәыршәаны, Нанҳәамза 25, 2020 шықәса инаркны  иарбоу аӡфымцастанциа ампыҵакҩыс иҟоуп Зҭакҧхықәра Ҳәақәҵоу Аилазаара «КаРо».   

Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа Реизга ахәҭаҷ 233 инақәыршәаны, административтә усеилыргара, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭа аӡбамҭа азашшра азы административтә усқәа рыхәаҧшра  Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҿы 2-мыз ирылагӡаны мҩаҧысуеит.

Аҧсныпресс акорреспондент Апрокуратура Хада аҿы иоуз адыррақәа рыла, амазаратә комплекс «Баслаҭ-Аӡфымцатә станциа» ампыҵакҩыс иҟоуп Зҭакҧхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «КаРо». Уи адиректор Хадас дыҟоуп Кама Валери-иҧҳа. Аҧҵаҩыс дыҟоуп Кәарҷиа Кан Валери-иҧа. 

Аиуристтә хаҿқәа иаку аҳәынҭқарратә реестр иалагалоу адыррақәа рыла, цәыббрамза 16, 2011 шықәсазы  Зҭакҧхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазара «КаРо» адиректор Хадас дыҟан Кәарҷиа Нестр Кан-иҧа, аҧҵаҩыс – Кәарҷиа Кан Валери-иҧа.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:09