Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИЛАҬТӘ БИБЛИОТЕКА АҞНЫ АТРИПТИХ «ДИОСКУРАА РСАБРАДА» АӠЫРГАРА МҨАԤЫСИТ.

Ашәахьа, 06 Ԥхынкәын 2021 13:33 99

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  И. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны Амилаҭтә библиотека аҿы  асахьаҭыхыҩ Ген’Ерген хәыда-ҧсада ахархәаразы акультура Аминистрра иеиҭаз атриптих «Диоскураа рсабрада» аӡыргара мҩаҧысит.  Ари атриптих ҳара ҳера ҟалаанӡа хәба-фба шәышықәса ирылагӡаны Диоскуриада ҳәа изышьҭаз Аҟәа антикатә аамҭа иаҵанакуа аҭоурых иазкуп. Атриптих аишьцәа Диоскураа риреи рыҧсреи иазкны ажәытә бырзентә мотивқәа рыла иҟаҵоуп. Уи амкьаҭқәа рҿы ҷыдала иаҧҵоу ашәыгақәа рыла иҟаҵоу, анаҩс иӡу асахьанҵақәеи асабрада зну хоругви ҳәа изышьҭоу, абжьааҧны иау алаба  аҿы бираҟҵас ишьақәдырӷәӷәо апаннои рыла инагӡоу антикатә стиль ала инагӡоу   ҩ-еилаҳәаракны ишьақәгылоуп.

Атриптих аекспозициа ахәаҧшразы агәазыҳара змоу зегьы рзы иаартуп, уи Лакоба имҩаду аҩны № 111 ала игылоу Амилаҭтә библиотека ахыбра аҧшьбатәи аихагылара аҿы аус ауеит. Атриптих аҧсуа, аурыс, англыз бызшәақәа рыла Аҟәа ақалақь аҧҵара  аҭоурыхи Диоскураа рииреи рыҧсреи аҭоурыхи ирызку аилыркаагатә материалқәа зну атекстқәа ацуп.

Ԥхынгәымзазы ақалақь Амшныҳәа азгәаҭара азы атриптих «Диоскураа рсабрада» Диокураа рбааш ахыжәжәарақәа  рыплошьадка аҿы ицәыргақәҵан.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:04