Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АШӘАРҬАДАРА АХЕИЛАК АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Ашәахьа, 06 Ԥхынкәын 2021 17:35 119

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  6, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит.

Амшхәаҧштә зҵаараны иқәгылан атәылаҟны иҟоу асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьеи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟны аусура аиӷьтәразы ажәалагалақәа.

Аилатәарахь иааҧхьаз агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аилатәара иалахәыз рҟынӡа инеигеит акоронавирустә инамаданы иҟоу аҭагылазаашьеи уи алаҵәара аҿагыларазы  инарыгӡо ауснагӡатәқәеи ртәы. COVID-19 инадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа макьаназы ишыуадаҩыц иаанхоит, ачымазара аиҵахара убарҭаӡам, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы арбагақәа рҽырымҧсахӡеит. «Рыцҳарас иҟалаз, аҧсрақәа, рхыҧхьаӡара азҳара иаҿуп»,- ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

 

Министр иара убас атәылауаа рганахьала авакцина алаҵара  шеиҵахаз иҳәеит.  «Ареспублика аҟны авакцина зласҵахьоу рхыҧхьаӡара 12 887-ҩык  роуп»,- ҳәа иҳәеит иара. Агәабзиарахьчара аминистр ишазгәеиҭаз ала, аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, амедицинатә усбарҭақәа ахәшәқәеи ахыхьчагатә хархәагақәеи амаҭәахәқәеи рыла еиқәыршәоуп. Хымҧада, ауадаҩрақәа шыҟоу иаанхоит ахәшәқәа Артлегиеи Актемреи рзы.

Аминистр ачымазара злаҽыз рхыҧхьаӡара аизҳара ауааҧсыра аҧкратә уснагӡатәқәа иахьрықәымныҟәо ауп изыхҟьо ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара аҟны иара убас ирылацәажәеит егьырҭ иактуалтәу азҵаарақәагьы.  

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:01