Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ҾЫЦИ АКОЛЛЕКТИВИ РЕИБАДЫРРА МҨАԤИГЕИТ.

Ашәахьа, 06 Ԥхынкәын 2021 18:00 97

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  6, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҧхынҷкәынмза 6 рзы иаҭоу атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Быҭәба Вальтер Сергеи иҧеи Ахылаҧшырҭа  аколлективи  реибадырра мҩаҧигеит.

Аслан Бжьаниа ҧасатәи аминистр Дмитри Дбар иусуразы иҭабуп ҳәа иаҳәаны, аусбарҭа аколлектив ихы нарықәыкны, иааидкыланы иуҳәозар, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура бзиоуп ҳәа ишииҧхьаӡо, аҧхьаҟагьы амилициа аусзуҩцәа адгылара шриҭало, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  хаҭалатәи аилазаара аусура гәацҧыҳәарала , инеиҧынкыланы, Азакәан инақәыршәаны имҩаҧыслароуп ҳәа   иазгәеиҭеит. 

«Сгәы иаанагоит, аминистр ҿыц иааирала аусура еиҧҟьарада, ҧасеиҧш имҩаҧыслоит ҳәа. Дарбанызаалак амилициа аусзуҩ идыруазароуп изакәану, азинлеишәа ашьақәыргыларазы ауаажәларра  рҭахрақәа ирықәҿыҭуа иааирҧшуа иаҧшьгарақәа, азинтә ҳәаа иҭагӡаны имҩаҧысуа иусура хымҧада адгылара шроуа», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба атәыла анапхгара агәра диргеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа  рынагӡаразы илшо зегьы  шыҟаиҵо.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:58