Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АОПОЗИЦИАТӘ ПОЛИТИКАТӘ МЧҚӘА РМИТИНГ МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҩаша, 21 Ԥхынкәын 2021 15:12 503

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыҧшаҳәа аҿы, Аҧснытәи адраматә театр аҿаҧхьа иалагеит аопозициатә политикатә мчрақәа еиҿыркааз, аха атәыла анапхгара аганахьала асанкциа змам амитинг. Аҧсуа драматә театр ахаҿратә ган иадыкнаҳалоуп «Ажәлар угәра ргаӡом!», «Ажәлар умцҳәара иарааҧсеит!», «Аӡи алашареи ҳашәҭ!», «Аҧсны аҭира ҳаәагылоит!»»Иҟауҵеи уара уҧсадгьыл азы!?», «Аминауаҭра шьҭаҵаны уқәҵ!», Знык  ачарҳәара зуз, уи даҽазныкгьы иҟаиҵоит!», уҳәа  изну еиуеиҧшым алозунгқәа. Амитинг аартуа ауаажәларратә усзуҩ Ахра Бжьаниа аоппозициа атәыла анапхгарахь иамоу азҵаарақәа дырзааҭгылеит. Уи апандемиа, асоциал зҵаарақәа, аенергетика, уҳәа ирызкын. «Апандемиа иадҳәалоу аҭагылазаашьа аагозар. Атәыла анапхгара ааҭакҧхықәрадара иахҟьаны шәҩыла ҳтәылауаа рыҧсҭазаара иалҵит.  Аенергетика акәзар, уи амаининг алегализациа ала зынӡа излаҟаз ала еицәартәит, Урыстәылантәи Аҧсныҟа афымцамч аиагара азы ҳара зегьы уалны иҳадхало аҧаратә шәагаақәа шаҟа ыҟоу еилкаамкәа иаанхоит.Ауаажәларра аума, аоппозициа аума, иара апрессагыь аума изеиҧшразаалак адиалог рыбжьаҵаӡам.  Азакәан иҟоу анапхгара иадымгыло рганахзьала ауп аус ахьауа. Даара агәҭынчымра узцәырнамгар залшом асуверенитет азҵаарагьы. Изакәытә дәныҟаекономикатә аҧшьгарақәеи иҳадыргало иахьа, иарбан  аҩаӡарарацәатәи Қырҭтәыла аиҿцәажәаақәа зыӡбахә рымоу!? Ҳсуверенитет иарбан шароу излацәажәо!?.  Уи азы иҳадыргало арбан!? Иара азҵаарагьы зынӡа ацәырҵра шҧалыршахеи!?  Азҵаарақәа акыр ирацәаны еизеит, урҭ иахьа ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп», - ҳәа иҳәеит Ахра Бжьаниа.  Ахра Бжьаниа иара убас еизаз иргәалаиршәеит мызки бжаки раҧхьа араҟа имҩаҧгаз амитинг атәы. Уи иажәақәа рыла уи апроблемагьы иахьа араҟа иалацәажәараны иҟоуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа иқәгылараҿы  иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа атәыла анапхгара данахагыла  инаркны цқьа изызхәыцым адәныҟатәи аполитика, аекономикатә ҭагылазаашьа аицәахара, ауаажәлар рсоциалтә ҭагылазаашьа ауадаҩхара иадҳәаланы атәыла лассы-лассы иархыџхыџуа ишалагаз аиҿагыларақәа, аҭыӡшәақәа, ауаҟьан-чаҟьанқәа… «56% абыжьқәа рыла Аҳәынҭқарра Ахадас иалхыз Аслан Бжьаниа икомандеи иареи ажәлар реизҳазыӷьареи аҳәынҭқарратә шьақәгылара арӷәӷәареи утәы-стәы ҳәа реихшара мап ацәкны ажәлар реидкылареи рзы аус рулоит ҳәа агәыӷра ҳамамзи, аха аус аҿы ҩы-шықәса ҵырц акгьы агым, арахь алхрақәа раан ажәлар зықәдыргәыӷыз азҵаарақәа рҟынтәи акызаҵәык анагӡара залмыршахеит.   Убри аҟнытә иҟоу азы аҭакҧхықәра ахахьы агара азы аамҭа ааит ҳәа иҳаҧхьаӡоит», -ҳәа иҳәеит Ҭемыр Гәлиа.

Амитинг аҿы дықәгылеит иара убас аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рхашәалахәқәеи рхарџьқәеи рзы адекларациа ахарҭәаара иазку азакәан аҧшьгаҩцәа ируаӡәку Асҭамыр Какалиа. Уи иажәақәа рыла аилагарақәа рацәоуп, уи азы ианаамҭаз адыррақәа роуит Аҳәынҭқарра Ахадеи аҧыза-министри, аха азакәан еилазгаз рхьырхәра азы изеиҧшразаалак ауснагӡа мҩаҧгаӡамызт»,-ҳәа иҳәеит иара.

Аполитикатә Партиа «Аҧсны» ахантәаҩы Витали Габниа аҧсуа жәлар ианакәызаалак агәаанагара аартны аҳәара азы алшара аман ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара есымшагьы амассатә митингқәеи аизарақәеи рымҩаҧгара азы ҭоурыхла азин ҳаман, уха убри аан урҭ зегьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгазар акәын. Агәҭынчымра узцәырнагоит, иахьатәи атәыла анапхгара ахатәы реитинг аилкааразы  амитинг ахь иааз ауаа рыла, араантәи иҟоууи егьи аганахьала иҟоуи ауаа рхыҧхьаӡара еилкаауа ахәшьара ахьарҭо. Ауаа реиҳараҩык ржьазшәа ргәы иабоит». Ҳара ҳажәлар даара имариамыз, амҩа ианысит, -ҳәа иҳәеит Витали Габниа.

Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аидгылара» ахантәаҩы Кан Кәарҷиа Аслан Бжьаниа инысымҩа цқьа инҭкааны аҧхьаразы ирыдигалеит.  «Ари ауаҩ иполитикатә кариера иалагӡаны уаҳа инҭкааны изымҳәеит аибашьраан дахьыҟаз атәы. Уи уажәы иҳәо аверсиа ҧыҭрак ашьҭахь ииҳәо еиҧшӡам. Ажәлар уи жәаҳәарада агәра ргом, Аҩбатәи, зегьы ҳзы еилкаамкәа инхаз уи ашьыга иҭара азҵаара. Уи официалла ус ишьақәырӷәӷәаӡамкәа иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы», - ҳәа иҳәеит Кан Кәарҷиа. Кан Кәарҷиа ишазгәеиҭаз ала, Аслан Бжьаниа амчрахь даннеи инаркны ҩы-шықәса дуӡӡа иман ари афакт ашьақәырӷәӷәаразы, аха уи аҩыза уи иҟаимҵаӡеит. Ажәлар арҭ азҵаарақәа рҭак роур рҭахуп.

Амитинг аҿы иара убас иқәгылеит Хына Думааи Ҭемыр Бигәааи.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсуа жәлар Реиҿкаара» ахатәаҩы Адгәыр Арӡынба еизаз иргәалаиршәеит мызки бжаки раҧхьа адраматә театр аҿаҧхьа ажәлар шеизахьаз, усҟан аоппозициа ахаҭаирнакцәа атәыла анапхгара аҿаҧхьа азҵаарақәа ықәнаргылоон. Ҳара жәларык ҳауп, аха иҟоуп мчқәак ҳаидызхо, ҳаиҿазыргыло. Апровакациақәа рҽалагалара аҭахӡам.  Ҳара ауаажәларра реидкылара азы аҽазышәарақәа изныкымкәа иҟаҳҵахьеит. Алхрақәа рышьҭахьҳара Аслан Бжьаниа идаҳныҳәалеит. Ҳара убасҵәҟьа ҧхьаҟа ҳамҩа аазыртуа шьаҿақәак ҟаҳҵеит», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба. Уи атәыла анапхгара ахь ихы рзаны иҳәеит. «Атәыла анапхгара аҿы иахьа имаҷымкәа ауаа бзиақәа, аҭакҧхықәра змоу аспециалистцәа ыҟоуп. Иҟоу аҭагылазаашьа шәахылаҧш, шәареи ҳареи нас иахьа имҩаҧысуа азы ҳаҧхамшьларц азы!» - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба. Анаҩс аоппозициа ахатәы хаҭарнакцәа Аҳәынҭқара Ахада иахь рдәықәҵара азы аӡбамҭа аднакылеит. Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахеит ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы Ҭемыр Гәылиеи Аполитикатә партиа «Аҧсны Жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыци.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 21:37