Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДЕИ АОППОЗИЦИА АХАҬАРНАКЦӘЕИ РЕИҾЦӘАЖӘАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҩаша, 21 Ԥхынкәын 2021 17:51 486

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи  аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиҿцәажәара мҩаҧысуеит. Аҳәынҭқарра Ахада идикылеит «Аҧсны Жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи  Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиеи, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Михаил Сангәлиеи. Аиҧылара рхы аладырхәит иара убас атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада  Иусбарҭа  анапхгаҩы  Алхас Кәыҵниа.

 

Абар шьҭа ҧшьсаҭк инарзынаҧшуа амитинг ахь иааз ауаа Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаҧхьа игылоуп, урҭ  Апарламент аҩналарагьы изныкымкәа  рҽазыркхьеит. Ахәылбыҽха, асааҭ жәба рыбжа инарзынаҧшуа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа амитингуаа Апарламент ашҭа аҟынтәи Лакоба имҩаду ахь рыҧхьацара азы аҽазышәарақәа мҩаҧыргеит. Амитинг аҭыхра аан Аҧсуа телехәаҧшра аҭыхратә гәыҧ ааха аиуит. Амашьына арныҟәцаҩи аоператори ахәахәа-чахәарақәа роуит. Ателехәаҧшра акорреспондет акшара дацәцеит, аха аоператорцәа руаӡәк  ивидеокамера имхны иҧырҽит. 

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 21:34