Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АКОЛЛЕТИВИ ҾЫЦ ИАҬОУ АМИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨЦӘЕИ РЕИБАДЫРРА МҨАԤЫСИТ.

Ашәахьа, 06 Ԥхынкәын 2021 15:39 98

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Ахылаҧшырҭа анапхгараҭара аппарат Хада аҟәшеиҵақәа, ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаҧысит. Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба Аминистрцәа  Реилазаара Ақәҵарала  ҿыц  иаҭоу аминистр ихаҭыҧуаҩ, ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аиҳабы – Занҭариа Зураб Гьаргь-иҧеи, аминистр ихаҭыҧуаҩ, Ирласу анырра азы иҷыдоу аотриад аиҳабы Кучбериа Дмитри Гарри-иҧеи аколлективи реибадырра мҩаҧигеит.

Аинрал-маиор Руслан Ажьиба аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аринахысгьы ҳәоуеиқәшәарала аусеицура дшақәгәыӷуа иҳәеит.

Анаҩс аилатәара иалахәыз амаҵуратә дисциплина  анагӡара, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи рыҟәшақәеи хаҭалатәи аилазаара рзанааҭтә дырреи русуреи аҩаӡара ашьҭыхреи, анапхгараҭара рҿаҧхьа иқәнаргыло ахыдҵақәа вба амамкәа анагӡара, уҳәа иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәжәеит,  ҳәа иаанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:12