Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АОПОЗИЦИА АХАҬАРНАКЦӘА АСЛАН БЖЬАНИА ИҾЦӘАЖӘАРА АЛҴШӘАҚӘА АГӘЫНАМӠАРА РНАҬЕИТ.

Аҩаша, 21 Ԥхынкәын 2021 17:51 468

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аопозициа ахаҭарнакцәеи Аҳәынҭқарра Ахадеи реиҧылара ашьҭахь, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаҧхьа игылаз ауаа рахь ддәылҵит анаукеи акультуреи рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа. Уи аиҿцәхажәарақәа шымҩаҧысыз атәы еиҭеиҳәеит. «Амитинг ахь иааз рхаҭарнакцәа еизаз ауаа рахь дцәырҵны дрыҿцәажәарц рҭахын. Аҳәынҭқарра Ахада акоронавирустә  ҿкы чымазара алаҵәара ашәарҭара ду аныҟоу аамҭазы иалагалоу аҧкратә уснагӡатәқәа инарымаданы  еиуеиҧшым асанкциа змам аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара алмыршара азы ихаҭа идикылаз Ақәҵара изеилагом ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Убри аан уи мышқәак рышьҭахь, аҭагылазаашьа анҭышәынтәалахалак ашьҭахь, аоппозициа агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа зегьы рыла рыҿцәажәара дазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит», - ҳәа иҳәеит Нугзар Логәуа.

Убри аамҭазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿцәажәара алҵшәақәа рзы Адраматә театр аҿаҧхьа игылаз ауаажәлар адырра риҭеит аполитикатә Партиа «Аҧсны Жәлар Реизара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц. Аслан Барцыц иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада иҧылара иалахәын атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Алхас Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар.  «Ҳара Аҳәынҭқарра Ахада иҟынӡа шәгәаанагара, шәнапынҵа наҳгеит. Еизаз араҟа ишьҭыхыз азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагара раҳарц рҭахуп ҳәа иаҳҳәеит. Иарбоу азҵаарақәа ргәы иҵхоит араҟа еизаз рыдагьы иахьа арахь изымааз, зегьы иаадыруа амзызқәа ирыхҟьаны зыбзазаратә ҭагылазаашьақәа акыр иуадаҩу ауаагьы. Абри атәы зегьы ҳҳәеит, уи азы абри аҩыза аҭак ҳауит: «Ишәҳәаз саҳаит. Сара иацы иҟасҵаз ааҧхьара аҿы спозициа аасырҧшит, убри аҟнытә изеиҧшразаалак амитинг ахь анеира иаҭахны ҳәа исыҧхьаӡом», ҳәа еиҭеиҳәеит Аслан Барцыц. Аҳәынҭқарра Ахада ииҳәаз иақәшаҳаҭымхаз ауаа агәынамӡара аарҧшуа Апарламент ахь идәықәлеит. 

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 21:30