Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА: АԤСУА ТЕЛЕХӘАԤШРА АҬЫХРАТӘ ГӘЫԤ ИРЫДҲӘАЛАНЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ ЗЫХҞЬАЗ ХЫМԤАДА АХЬЫРХӘРА ИАҚӘЫРШӘАЗАРОУП.

Аҩаша, 21 Ԥхынкәын 2021 21:57 534

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Аҧсуа телехәаҧшра аҭыхратә гәыҧ ирыдҳәаланы иҟалаз аинцидент инамаданы апротесттә акциа аиҿкааҩцәа рахь апротесстә ааҧхьара ҟанаҵоит. Аҧсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аинформациатә маҵзура иҟанаҵаз адыррақәа рыла, ҧхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса рзы Аҧсуа драматә театр аҿаҧхьа имҩаҧысуаз амитинг аҟны аҭыхрақәа рымҩаҧгараан Аҧсуа Телехәаҧшра аҭыхратә гәыҧ ааха аиуит. Амашьына арныҟәцаҩи аоператори ихәахәа-жьахәеит. Аоператор ивидеокамера имыржәеит, анаҩс иарбоу атехника ҧхасҭартәит. Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгылара ажурналистцәа закәанла рзанааҭтә усура анагӡара мчымхарала аҧырхагахара, атехника аҧҽра, уҳәа  ирыдҳәалоу афакт ишахәҭоу ала еилырганы, иарбоу аинцидент зыхҟьаз хымҧада ахьырхәра ишақәыршәахо азы агәыӷра аанарҧшуеит.

Аҧсны аоппозициатә мчрақәа иахьа Аҟәа ақалақь аҿы апротесттә акциа мҩаҧыргоит. Абар шьҭа хәсааҭк инареиҳаны Анапхгаратә хыбрақәа Ркомплекс аҿаҧхьа  еизаз ауаа реилаҩеиласра мҩаҧысуеит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 21:28