Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУСБАРҬА АҾАԤХЬА ИҞОУ АМЧРА ИАДГЫЛО АУАА ЕИЗЕИТ.

Аҩаша, 21 Ԥхынкәын 2021 15:16 532

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аоппозициатә мчрақәа амитинг анымҩаҧыргоз аамҭазы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Ахыбра аҿаҧхьа еизеит иҟоу амчра иадгыло ауаа. Еизаз рҿаҧхьа дықәгылауа анаукеи акультуреи рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа ареспублика аҿы апроблемақәа ыҟоуп, аха аҳәынҭқарра Анапхгара акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа инамаданы ауадаҩрақәа шырацәоугьы ауааҧсыра рыҧсҭазаара аиӷьтәреи иқәгылоу азҵаарақәа жәпакы рыӡбара алыршареи рзы иалшо зегьы ҟанаҵоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ҳаҭашәымҵан аполитикатә ҭагылазаашьа аибарххара инамаданы  ҩаҧхьа шәахьҳашаргәамҵуа. Иаабоит аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аҽеибарххара ишаҿу. Аҧсны Анапхгареи аоппозициатә мчрақәеи рыбжьара аконструктивтә диалог ашьақәыргылара  залымшахеит. Апарламентгьы ҩбаны аҽеихшара агәҭынчымра   ҳазцәырнамгар залшом. Сара сгәаанагарала, аиҿагылара аанымгылар ҳҳәынҭқарра даара ашәарҭара иҭагылар алшоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Нугзар Логәуа. Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ ишазгәеиҭаз ала аӡәи-аӡәи ахара рыдҵара ҳааҟәыҵны аҧсуаа ираҭәам аҟазшьақәа мап рыцәкны, аҧсуа  ишихәҭоу ала ахымҩаҧгашьа алаҳхыр еиҳа еиӷьуп. «Аҧсны зегьы реиҳа акзаареи аилибакаареи анаҭаху аамҭазы ҳара зегьы – еиуеиҧшым апартиақәеи аиҿкаарақәеи ауаажәларра ахаҭарнакцәеи иаҳзеиҧшу уалҧшьаны иҟоуп – зегьы ҳааизхәыцны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа лыҧхала  алҵра азы амҩа аҧшаара», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ауааҧсыра фымцалашарала реиқәыршәара азҵаара дазааҭгыло афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалоу апроблемақәа шықәсырацәа иалагӡаны еиқәыло иаауан, афымцацәаҳәақәеи атрансформаторқәеи русуразы ирзоужьыз аамҭа нҵәеит, зныкҟьара аенергетика аҭагылазаашьа арҽеира залыршахом ҳәа иазгәеиҭеит. «Уи зегьы азы аҧара рацәаны иаҭаххоит.  Иара мышкы-ҩымш рыла иузынагӡо усӡам. Уи ус имариазҭгьы атәыла анапхгара ари апроблема шьҭа иӡбаны иалгахьазаарын», -  ҳәа иҳәеит иара. Уи иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҭыҧ ашьҭазаара ҳааҟәыҵны, зегьы иаҳзеиҧшу ахықәкқәа рынагӡара азы ҳаидгылароуп. «Сара аӡәгьы деилысхуам. Адраматә театр аҿаҧхьа игылоугьы ҳауаажәлар, ҳауацәа, ҳҭахцәа, ҳҩызцәа роуп. Аха уажәы амитингқәа рымҩаҧгара иаамҭаӡам ҳәа исыҧхьаӡоит. Апроблемақәа иаразнак, мышкала иузыӡбашам. Дара (аоппозициа - АП аредакциа азгәаҭара) хәышықәса анапхгараҿы иҟан, аха иҟарҵаз ҳәа акгьы ыҟам. Ҳара есҩышықәса Аҳәынҭқарра Ахадацәа  рахыхреи аҩныҟа рышьҭреи ҳалагар, уи иҽеиу акгьы алҵгәышьарым»,- ҳәа иҳәеит иара.

Аҧсны Афырхаҵа, Апарламент ҧыхьатәи адепутат Фазлыбеи Аҩӡба  абас еиҧш азҵаара ықәиргылеит: «Иахьа ҳҳәынҭқарра Аконституциа, абираҟ, агимн амазар, ҳара убри зегьы ҳнапала иҳарбгар ҳҭахума? Ҳара ҳҽаанкыланы, амитингқәа рымҩаҧгара мап ацәкны, ачҳареи апатуеиқәҵареи раарҧшра ҳалагароуп. «Убас мацаралоуп ҧхьаҟа ацара шалыршахо. Аибашьраан ҳакзаара Аиааира агара ҳалнаршеит», - ҳәа иҳәеит Фазлыбеи Аҩӡба.  

Аҷандара ақыҭа инхо Витали Џьениа  аӡәгьы иахьа иҭышәынтәалоу адиалог амҩаҧгараҿы даҳҧырхагаӡам ҳәа иҳәеит. «Иҟан аамҭақәак ақырҭцәа ҳҧырхагоуп, урҭ ракәымзар зегьы шьахәлаҵәҟьа иҟалон ҳәа анаҳҳәоз. Сара Едуард Шеварнаӡе иҳәамҭаны исаҳахьан, аҧсуаа амал руҭар, урҭ рхала рхы ршьуеит ҳәа. Уи ауп иахьа ҳазҿугьы», - ҳәа иҳәеит иара. Уи зегьы рахь адиалог амҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаиҵеит: «Ҳара араион Ахадарақәа, акультура Аҩнқәа, ҳамоуп. Шәааи амитингқәа рмыцхәрас уаҟа ҳаизаны еиҳа ҳгәы иҵхо апроблемақәа ҳрылацәажәалап». Уи ҿырҧштәыс иааигеит ааигәа Аҷандара ақыҭан имҩаҧысыз аизара. Араҟа аиҳабацәа реиҧшгьы аҿаргьы рхы аладырхәит. «Ҳара ҳгәы иҵхо азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, доусы ҳгәаанагарақәа ҳҳәеит. Сара егьырҭ зегьы абри аҿырҧштәы ала шәныҟәарц азы ааҧхьара ҟасҵоит. Ҳара зегьы, ара игыло роума, адраматә театр аҿаҧхьа игылоу роума-жәларык ҳауп. Еилаҳҵо-еилаҳхуа ҳәа аӡәгьы дыҟам. Иаҳшогьы иҳамои!? Ҳара зегьы лахьынҵак ауп иҳамоу!», - ҳәа иҳәеит иара.  

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 21:24