Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИНАЛ АРӠЫНБА СЕРГЕИ ЛАВРОВ ИҾЦӘАЖӘАРА ИХЫ АЛАИРХӘУЕИТ.

Амҽыша, 19 Ԥхынкәын 2021 18:50 132

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 20  рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи  аусқәа  рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиҧылара. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәеи, иара убас адәныҟаполитикатә координациеи арегионалтә шәарҭадареи ирыдҳәалоу хадара злоу азҵаарақәа жәпакы рзы агәаанагарақәа рҳәара азҧхьагәаҭоуп.

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:37