Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АКУЛЬТУРА-УСТӘ ПЛАТФОРМА «ГУМА» АҞНЫ ЕИҾКААХАЗ АҚЫҬАНХАМҨАТӘ ЦӘЫРГАҚӘҴА ДАҬААИТ.

Асабша, 18 Ԥхынкәын 2021 16:09 114

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҟәа ақалақь, Акультура-устә платформа «Гума» (аихамҩатә станциа «Гума») аҟны еиҿкаан ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵатә хәаахәҭра. Уи  иаҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Дџьопуеи.. 

Аҳәынҭқарра Ахадеи афермерцәеи анаплакҩцәеи еибадырит, раалыҵ агьама ибеит, иааихәазгьы аалыҵ ыҟоуп. Акультура-устә платформа анапхгаҩы Хьыбла Возба Аҳәынҭқарра Ахада аҧхьаҟатәи рыгәҭакқәа ртәы изеиҭалҳәеит.

Акультура-устә платформа «Гума» акуратор Шьарида Ҭыжәба ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵатә хәаахәҭра атәы далацәажәеит: «Ԥхынҷкәынмза аҧсшьарамшқәа зегьы рзы аиҧш-зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧаагоит. Уааанӡа ҳара анапкымҭақәеи ақыҭанхамҩа аалыҵқәеи рцәыргақәҵатә хәаахәҭра мҩаҧаагон. Иахьа араҟа ицәыргоуп еиуеиҧшым аалыҵқәа рацәаны, хкы-хкыла ашә, аҩқәа, ачалыхқәа, аҩнтәы кәытқәа, акәтаӷьқәа, аҧсаӡҵлақәа, аџьынџьыхәақәа, араса, акакан, уҳәа убас иҵегьы. Иарбоу ацәыргақәҵатә-хәаахәҭра иабзоураны афермерцәеи анаплакыҩцәеи раалыҵ аҭиразы алшара роуеит, ақалақь ауааҧсыра ракәзар – ишиашоу, абжьахәаахәҭыҩцәа рыда афермертә аалыҵ аахәаразы алшара рзаҧнаҵоит. Шьарида Ҭыжәба лажәақәа рыла, иааиуа аҧсшьарамшқәа рзы, ҧхынҷкәынмза 25-26 рзы хыҧхьаӡара рацәала алахәылацәа злахәхо анапкымҭатә цәыргақәҵатә хәаахәҭра мҩаҧысраны иҟоуп. Уи алахәылацәа ируаӡәку Мархьаул ақыҭантәи афермер Мадонна Шапковскаиа лаалыҵ дахцәажәеит: «Аалыҵ зегьы схатәы нхамҩа аҿы иаасрыхыз ауп: аџьыка, араса, акакан, аҩнытә ашә, ашәырқалмышь, уҳәа.  Ҳара аҭаацәатә бизнес ҳамоуп, сара аалыҵ снапы иҵысхуеит, сыҧҳа лакәзар уи аалыҵ арзақәра адизаин лнапы алакуп. Ашәеилаҵа шьыжьнаҵы исҭихьан, ашәырҩа ауп макьаназы  иаанхаз. Сара сыҩны ааигәара  схатәы аҩнытә ҿхышә сымоуп, уи сара асезон азы иаасыртуеит, араҟа схатәы нхамҩа  аалыҵ сҭиуеит». Анаплакҩы Марианна Жьиба ари ацәыргақәҵатә хәаахәҭа аҿы ачалых адгалара мҩаҧылгеит: «Сара Аҟәа ақалақь аҿы схатәы чаӡырҭа сымоуп. Сара ихырҳагоу, екологиала ицқьоу аҵәырса змам ачалых сӡуеит». 

Аҳәынҭқарра Ахада афермерцәеи анхаҩцәеи ишиашоу раалыҵ аҭиразы алшара ахьрымоу ибзиоуп ҳәа иазиҳәеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭанхамҩа аҿиара ацхырааразы Акультура-устә платформа «Гума» адгылара аҭара аҭахуп ҳәа ишииҧхьаӡо иазгәеиҭеит.

     

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:28