Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

СЕРГЕИ ЛАВРОВИ ИНАЛ АРӠЫНБЕИ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА ИРЫДҲӘАЛОУ ИХАДОУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ашәахьа, 20 Ԥхынкәын 2021 19:07 383

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 20, 2021 шықәса  рзы  Шәача  ақалақь аҿы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыдәныҟаекономикатә Хылаҧшырҭақәа рнапхгаҩцәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови реиҧылара. Аганқәа Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу хадара злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, аҩганктәи амшхәаҧштә азы агәаанагарақәа реибыҳәара мҩаҧысит. Урыстәылатәи аган аҟынтәи Аҧсны ашәарҭадара арӷәӷәареи асоциал-економикатәи агуманитар-культуратә усхкқәа рыҿиареи рганахьала адгылара ишазхиоу азы аҳәамҭа ҟаҵахеит.

«Аҧсны  ашәарҭадареи асоциал-економикатә ҿиареи рзы Урыстәыла аганахьала иаиуо адгылара ахә ҳаракны иршьоит», - ҳәа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр диҿцәажәо иҳәеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.   

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:36