Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА –АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ГАРРИ КОКОАИЕИ АЛМАСХАН АРӠЫНБЕИ РДЕПУТАТТӘ КЬЫМСРА РЫМХРА АЗЫ АЗҴААРА ИАЛАЦӘАЖӘОИТ.

Ахәаша, 17 Ԥхынкәын 2021 13:31 106

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә зҵаарақәа ҩба ықәгылан: адепутат Алмасхан Арӡынба идепутаттә кьымсра  ихыхра азы азин аҭара, адепутат Гарри Кокаиа идепутаттә кьымсра ихыхра азы азин аҭара.  Аилатәара рхы аладырхәит 20-ҩык адепутатцәа.

Апрокурор Хада  Адгәыр  Агрба  адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи  рдепутаттә  кьымсра  рхыхра азы азин аиура инамаданы Аусдгалара даҧхьеит. Апарламент адепутатцәа апрокурор Хада иҟаиҵаз Аусдгалара иахцәажәеит. Адепутат Алмасхан Арӡынба апрокурор Хада зышьҭахьҟа цқьам, зыгәра узымго ауаа зыҽрыдызкылаз уаҩуп ҳәа диҳцәажәеит. «Шәара аҭоурых аҧсахра шәҽазышәшәоит. Шәажәақәа рҟынтәи сара сымацара аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра агара сылшоит. Шәара ашаҳаҭҩы Барцыц еицаку адыррақәа рыҭара мчыла дазаажәгеит. Уи апроцесс аҿы ахәынтәраан санибаз ауп санидыр.

Иахьа инашәыгӡо иҭакҧхықәрадоу, ихамаҧагьу аполитика иахьа арахь шәаанагеит. Шәара ауаа ҧҟаны, уи азмырхакәан ахара дара ирықәышәҵарц шәҭахуп», - ҳәа иҳәеит иара. Адепутат Гарри Кокаиа иҳәеит: «Аусдгалара аҿы имцу рацәоуп. Ашаҳаҭтә дыррақәа ихыҭҳәаауп, ихыҭҳәаауп иара убас ишакәым ацәажәарақәа рзы адыррақәагьы. Уи иалацәажәараны иҟоуп адукатцәа. Апрокурор имаҵуратә уалҧшьа анагӡара, азакәанқәа рықәныҟәара иахәҭоу ахылаҧшра амыцхәрас аполитика иҽалаигалеит. Уи аполитикатә шьҭазаара  инапы алеикит. Шәара амаҵуратә цәгьоурақәа шәҵәахуеит, зыӡбахә сымоу адекларациақәа рымҭара ауп». Гарри Кокаиа  иажәақәа рыла, цәыббрамза 30 рзы ахәылбыҽха акриминалтә гәҭакы змаз иара иакәӡам, уи змаз аветеранцәа зыҧҟаз, инҭкааны иуҳәозар, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри уи ихаҭыҧуаҩцәеи роуп.   «Шәара атәылауаа зегьы рзинқәа рыхьчара уалҧшьаны ишәыдуп. Аха иахьа шәызлаҿу ала хара шәызцашам! Шәара ас еиҧш шәқәыҧшра аамҭазы Аҳәынҭқарра Ахадеи уи ишькылкыҩцәеи рымаҵ аура шәаналага  шәкариерагьы акыр ааха ашәҭеит.

«Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымшныҳәа аҽны адепутатцәа рымацара ракәӡам аҳауахь ихысуаз, аха хҭыск иадамзаргьы азы аусеилыргара хацыркымызт. Ари аҩыза ҟамлацызт Аҧсны иҿыцӡоу аҭоурых зегьы иалагӡаны», -ҳәа иҳәеит адепутат Валери Агрба.  Валери Агрба иажәақәа рыла, апрокурор иҟаиҵаз Аусдгалара ахь имаҷымкәа азҵаарақәа цәырҵуеит. Уи игәыҧжәагоу фактны дахцәажәеит иарбоу Аусдгалара аҿы Гарри Кокаиа иганахьала «ижәны дыҟан» ҳәа иахьану. «Уи зырҵабыргоз, мамзаргьы иаҿагыло аекспертиза ҳәа акгьы мҩаҧгамызт. Иҵаатәума нас, шьақәырӷәӷәашьас иамааз уи ҳәа? Апроцессуалтә усшәҟәқәа рзы уи аҩыза ҟалашьа аманы иҟам!», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Валера Агрба. 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:18