Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫТӘИ АДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ АԤХЬАРБАРАТӘ СПЕКТАКЛЬ «САРИА» АЛАԤШХГАРА МҨАԤЫСИТ.

Ахәаша, 17 Ԥхынкәын 2021 11:00 119

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧснытәи адраматә театр аҟны Зарина Канукова лыпиеса ала иқәыргылоу иҿыцу аҧхьарбаратә спектакль «Сариа» алаҧшхагара мҩаҧысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҧснытәи адраматә театр апресс-маҵзура.  Арежисиор-ақәыргылаҩ - Мадина Аргәын, асценограф - Нодар Ҵәыџьба.  Нестор Лакоба иҧшәмаҧҳәыс, иҩыза иаша Сариа лроль налыгӡоит С.А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи Аҳәынҭқарратә акультура Аинститут (ВГИК) арежисиортә факультет аужьҭымҭа Амра Наҷҟьебиа. «Аспектакль «Сариа» - ари икашәкаҷо, иара убри аамҭазгьы ахаҵамҧҳәысра злоу  аҧҳәыс лыҩныҵҟатәи адунеи аилкаареи анырреи рҽазышәара ауп. Иарбан мчу аҧышәарақәеи амыҟәмабарақәеи зегьы рыхгара, рычҳара, аџьамыӷәа цәгьа дышҭагылазгьы абзиабара амырӡра лылзыршаз аилкаара. Жәаҳәарада, ари аспектакль  Анцәа имчи илыҧхеи разхаҵара, абзиабареи аиашареи рықәгәыӷра иазкуп»,-ҳәа иаҳәоит аҳәамҭа аҿы.

Аспектакль «Сариа» акультура аобиектқәа рҭааразы акарантинтә аҧкрақәа раҧыхра ашьҭахь аҧхьаҩцәа идырбахоит.     

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:23