Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

2021 ШЫҚӘСАЗЫ АНХАРҬАҬЫԤ ААХӘАРА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЦХЫРААРА ЗАУА РАЛԤШААРА ХЫРКӘШАХЕИТ.

Ахәаша, 17 Ԥхынкәын 2021 16:19 122

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. 2021 шықәсазы аусура хнаркәшеит аҳәынҭқарра-хықәкытә программа «Анхарҭаҭыҧ-2022» ала анапхгарабжьаратә анагӡара-еиҿкааратә комиссиа. Уи ахантәаҩыс даман аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалов, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура. 

Ҳазҭоу ашықәс абҵарамза инаркны ҧхынҷкәынмзанӡа акомиссиа иахәаҧшит анхарҭаҭыҧ аахәараҿы ацхыраара иаҳәоз аҭаацәеи атәылауааи рҟынтәи иаашьҭыз 83 инарзынаҧшуа арзаҳалқәа. Урҭ рахьынтә  50 рыла ацхыраара аҭаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  Убас:

I агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәа – быжьҩык; 

Ианыхәыҷыз аахыс аинвалидра змоуи аинвалидра змоу ахәыҷы знапы иану азыҳәаҩцәеи – 22- ҩык;

Хәҩык, ма инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәарацәа – 21-ҭаацәара.

Акомиссиа иалоуп анагӡаратәии азакәанҧҵаратәи амчра 12-ҩык ахаҭарнакцәа. Урҭ Аҳәынҭқарра Ахадеи Анапхгареи апрограмма анрыдыркылалак ашьҭахь анхарҭаҭыҧ аахәараҿы аҳәынҭқарратә цхыраара заураны иҟоу ралкаара алдыршароуп.

Ахықәкытә программа «Анхарҭаҭыҧ-2022» аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа иақәшаҳаҭхеит жьҭаарамза 28, 2021 шықәсазы, анаҩс уи шьақәирӷәӷәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра 2021 шықәсазы иазҧхьагәанаҭеит 40 млн. мааҭ, 2022 шықәсазгьы - 40 млн.мааҭ. Иара убас ирыҭахо аҧаратә хархәагақәа рырхынҳәра аҭаххаӡом.

Апрограмма анормақәа инарықәыршәаны, уи алахәхаразы азин роуеит социалла ихьчам ауааҧсыра ркатегориақәа мацара:

I агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәа, 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи Еибашьра I агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәа уахь иналаҵаны;

1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи Еибашьра аҿы иҭахаз, рмаҵуратә уалҧшьа анагӡараан иҭахаз, Аҧсны азакәанҧҵара инақәыршәаны  урҭ ираҟаратәу, ауаҩы иҧсҭазаара аиқәырхаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ иуалҧшьа анагӡараан иҭахаз, Аҧсны Аҳәынҭқарра амазареи азакәанеиҿкаареи рыхьчараан иҭахаз рҭаацәа;  

Хҩык, ма инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа;

Аинвалидра змоу ахәыҷы, мамзаргьы дхәыҷы аахыс иинвалиду ахәыҷы знапы иану ауаа;

Заби зани ҭахаз, мамзаргьы хабарда ибжьаӡыз ахәыҷқәа.

Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Акомиссиа ахантәаҩы Сергеи Пустовалов анхарҭаҭыҧ аахәаразы аҳәынҭқарратә дгылара аиуразы акала ишьаҭаркым амапкра ҟамларц азы иарбоу аус ацклаҧшра бзиа аҭаразы анапынҵа ииҭеит. Аиҳарак ала уи хәҩык, мамзаргьы инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа аҵанакуеит.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:30