Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА АЛМАСХАН АРӠЫНБЕИ ГАРРИ КОКАИЕИ РКЬЫМСРА РЫМХРА АЗЫ АЗИН АНАМҬАӠЕИТ.

Ахәаша, 17 Ԥхынкәын 2021 13:57 112

Аҟәа. Ԥхынҷкәымза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рдепутаттә кьымсра рымхра азы азин анамҭаӡеит.   Адепутатцәа рдепутаттә кьымсоа рымхра иаҿагылеит 20-ҩык рҟынтәи  17-ҩык адепутатцәа.

Ԥхынҷкәынмза 15 рзы Аҧсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рдепутаттә кьымсра рхыхреи рганахьала аусеилыргара ахацыркреи рзы азин аиуразы  Апарламент ашҟа аусдгалара наишьҭит. Убас: Цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьыраа Рыҧшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент инамаданы Гарри Кокаиа иганахьала Аҧсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа (Амбжьахра, абџьар ахархәарала ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагара), иара убас ахәҭаҷ 321, ахәҭа 1 (Амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра, ишакәым изныҟәара) инақәыршәаны, Алмасхан Арӡынба  иганахьала Аҧсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа (Амбжьахра, абџьар ахархәарала ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагара), иара убас  ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (иҭҟьо абџьари аџьаҧҳани изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рныҟәгара, рыиагара) инақәыршәаны аусеилыргара ахацыркреи рзы Апарламент ахь Аудгалара нашьҭын.   

   

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:11