Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АФОН ҾЫЦ АҚАЛАҚЬ АХАДАРА АҾЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Ахәаша, 17 Ԥхынкәын 2021 14:23 123

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17,,  2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аусуратә ныҟәарақәа реихшьаала ҟаҵо, Афон Ҿыц ақалақь Ахадараҿы аусуратә еилатәара мҩаҧигеит.

Афон Ҿыц ахада Ҭемыр Оҭырба Аҳәынҭқарра Ахада аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны имҩаҧгаз аусура азы адырра ииҭеит. Уи иажәақәа рыла, акоронавирустә ҿкы чыимазара алаҵәара аамҭа аҩныҵҟа ақалақьи уи акәша-мыкәша иҟоу ақыҭақәеи рыҟны ачымазара зыхҟьаз 747- ҩык аарҧшуп. Урҭ рахьынтә 734-ҩык рҽырхәышәтәхьеит, астационартә хәышәтәра иахысит 75 - ҩык. Иааизакны, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Оҭырба. Убри аан уи ақалақь аҟны авакцианациа иахысыз рхыҧхьаӡара шырацәам азгәеиҭеит.   

Ақалақь ахада ақалақь абиуџьеҭгьы далацәажәеит. «Ҳазҭоу ашықәс азы иазҧхьагәаҭан 58 млн. 240 нызықь мааҭ. Аплан иацҵаны анагӡареи 2020 шықәсаҟнытә ииасыз ацәынхеи еицыланы Афон Ҿыц абиуџьеҭ иартәеит 65 млн. мааҭ», - ҳәа иҳәеит иара. Ашәахтәқәа рзы аплан  нагӡоуп 130% рыла. «Ԥхынҷкәынмза 12 рзы Афонҿыцтәи Аҳаҧы иаҭааит 427 нызықьҩык ауаа, ари 213 млн мааҭ иартәеит. Арҭ аҧаратә хархәагақәа рыҟнытә ақалақь иаиуит 50 млн. мааҭ», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Акриминагентә ҭагылазаашьа ақалақь аҟны иҭышәынтәалоуп. «Ауадаҩрақәа ыҟоуп афымцалашаразы. Аидара аҧхын еиҧш аӡынгьы иазҳауеит. Уи ахәҧса ашәара атәы ҳҳәозар, арбагақәа 22-25% рҟынӡа иҟоуп. Афымцамҩагагақәа хеит, ҭыҧқәак рыҟны атрансформаторқәа излауа ала ирласны иҧсахтәуп, аха иааизакны уахәаҧшуазар, афымцамч еиҧҟьарада иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Оҭырба.

Аҳәынҭқарра Ахада агәынамӡара аарҧшит афымцамч ахәҧса ашәаразы иҟоу аҭагылазаашьазы, 2022 шықәса ажьырныҳәамза анҵәамҭанӡа апроцентқәа рырбагақәа 50 % аҟынӡа рышьҭыхра  азы адҵагьы риҭеит. 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:09