Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА – АПАРЛАМЕНТ АХЬ АЛХРАҚӘА РЫМҨАԤГАРА АҼҲӘАРА РЫҬАРАЗЫ АУСԤҞА ҬИЖЬИТ.

Ашәахьа, 13 Ԥхынкәын 2021 19:14 108

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа рымҩаҧгара аҽҳәара рыҭаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Убас, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53 апункт 15, «Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа рымҩаҧгара аҽҳәара рыҭара азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.


Алхрақәа рымҩаҧгара аҽҳәарас иазгәаҭоуп 2022 шықәса, хәажәкырамза 12.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 17:41