Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АГӘБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА: АԤСНЫ АСАНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА ЕИЦӘАХЕИТ.

Ашәахьа, 13 Ԥхынкәын 2021 13:40 97

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахеит, еиҳарак Ҭҟәарчали Очамчыреи рраионқәа рҿы. Абри атәы Аҧсуа телехәаҧшрала дықәгылауа  иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр  Едуард Быҭәба.  

Арҭ араионқәа рҿы ишынҭаацәоу акоронавирустә ҿкы чымазара рылаҽны ахәышәтәырҭахь ианнарго ҟалоит. 

Мышқәак раҧхьоуп Очамчыра араион аҿы имҩаҧгаз 80 тест рҟынтәи абжеиҳарак акоронавирус шьақәзырӷәӷәо алҵшәа анаадырҧшы. Ауаа ишынҭаацәоу ахәышәтәырҭақәа рахь инаргоит. Иҟоу адыррақәа рыла х-ҭаацәарак  иалкаау аусмҩаҧгатәқәа рышьҭахь ахәышәтәырҭақәа рахь инаган, урҭ иахьа ҳҳақьымцәа рхылаҧшра аҵаҟа иҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Агәабзиарахьчара аминистр ачымазара ҿкы злаҽыз рхыҧхьаӡара аизҳара здиҳәало араионқәа рҿы, аҧкрақәа шалагалоугьы ачарақәеи егьырҭ, ауаа рацәа здыҧхьалахо  аныҳәа-гәырӷьаратә усмҩаҧгатәқәеи ахьымҩаҧырго ауп. Алахьеиқәҵаратә усмҩаҧгатәқәеи аҧсхәрақәеи ирыхҟьангьы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩхоит.

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым Хада Индира Арсалиа аминистр иажәақәа шьақәлырӷәӷәоит.  «Шьҭа иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари ачымазара зкьымсыц. Шаҟа аамҭа аҭаххари ари ачымазара ахьынӡауадаҩу, иҟоу ашәарҭара ахьынӡаҳараку аилкааразы. Ҳара ҳраион аҿы ачарацыҧхьаӡа иацуп ари ачымазара ҿкы аҽарӷәӷәара, алаҵәара. Астационар ахь  инарго рхыҧхьаӡараҿы ирацәоуп ақәыҧшцәа аҳақьымцәа рабжьгарақәа хьаас изымкуа, авакцинациа мап ацәызкуа, аҧкрақәа назмыгӡо.

Аха ианычмазаҩхалак ашьҭахь ауп урҭ ауаа авакцинациа аганахьала ргәаанагара анырыҧсахуа», - ҳәа иазгәалҭеит Индира Арсалиа. 

Аҧсны апандемиа алагара инаркны акоронавирустә ҿкы чымазара иахҟьаны рыҧсҭазаара иалҵхьеит 539-ҩык. «Аӡәы идамзаргьы иҧсра ҳара ҳзы трагедиуп», -ҳәа иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Аминистр ҭакҧхықәрадараны иҧхьаӡоит ачараҿы, ма даҽа массатә усмҩаҧгатә аҿы ачымазара ҿкы зыхьуа ҟалар шалшо шырдыруагьы уахь ицо ауаа рхымҩаҧгашьа.

«Урҭ ус шәхы зымҩаҧыжәгозеи ҳәа азҵаара рыуҭар, иразҳәаз рахьынтә иҧхаршьоит имцар ҳәа аҭак ҟарҵоит. Аха убри аан ауаҩы ӷәӷәала дычазаҩханы ахәышәтәырҭахь дрымгар ада ҧсыхәа рымамкәа ианыҟалалак, усҟан ишҧа? Анаҩс ауацәа аҭахцәа иасуеит, иааиуеит, иара убри аамҭазы ачымазцәа рхыҧхьаӡара ахьырацәоу иахҟьаны ахәышәтәырҭа аҿы иҟамлар зылшо зыхә ҳараку ахәшәқәа ирышьҭалоит. Шәааи аҟәыӷареи ахдырреи ачҳареи маҷк иадамзаргьы иааҳарҧшып.  Ҳаҟәыҵып аныҟәара амассатә усмҩаҧгатәқәа рахь. Ҳааҧшып апандемиа анынҵәо ҳәа, усҟан инеиҵыхынгьы аныҳәа уаҧылар, узхара угәырӷьргьы ҟалоит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Уи иара убас аҳақьымцәа реиҳараҩык абар шьҭа ҩы-шықәса иреиҳаны ааҧсарак ҟамҵа аковидттә ҟәшақәа рҿы аус руеит, урҭ рџьабаа пату ақәҵалатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Ҳара ҳҳақьымцәа «азона ҟаҧшь» аҿы ишыҟоу аҧенҧьыр ахь ианыҧшлак ирбо арбан, ачара амашьынақәа неивыс-ааивысуа амҩаду иануп. Ари зынӡа ииашаӡам. Ҳҽаанаҳкылар зегьы ҳзы еиҳа еиӷьхоит!».

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 17:39