Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ГӘДОУҬАТӘИ АКОВИДТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҞНЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ЗЛАҼЫЗ РЗЫ ИНАЗЫЦҴОУ АҞӘША ААДЫРТИТ.

Ашәахьа, 13 Ԥхынкәын 2021 11:11 99

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 13, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу афункциарацәа назыгӡо амобилтә хәышәтәырҭа  Аҧсны аусура хнаркәшоит, ҳәа Аҧсуа телехәаҧшрала дықәгылауа иҳәеит  атәыла  агәабзиарахьчара  аминистр Едуард Быҭәба.

Урыстәылатәи ҳколлегацәа даара зымҽхак ҭбаау аусура нарыгӡеит. Уажәы урҭ есымшатәи рдислокациа ахьымҩаҧысуа аҭыҧ ахь ихынҳәыроуп. Сара исымоу адыррақәа рыла, урҭ ҧхынҷкәынмза 15 рзы ицоит.   Ҳара ҳакәзар, уаанӡа ҧхынгәымза, нанҳәамза рзы еиҧш уажәгьы ақәыӷәӷәара зегьы ҳхахьы иаагоит. Аӡәгьы иҳәаӡом аҧснытәи аҳақьымцәа акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара аҿы иахәҭоу зегьы аҟаҵара рылшаӡом ҳәа, аха ацәыӡқәа зеиҧшрахои ауп иуҳәаша. Зегьы ишыжәдыруа еиҧш ҳауаажәлар иаҳҳәо иазхәыцӡом, аҧкрақәа ишахәҭоу ала инарыгӡаӡом», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба. 

Агәабзиарахьчара Аминистрра урыстәылатәи рколлегацәа рцара аҽазыҟаҵара иалагахьеит, иназыцҵоу аҧыҧшратә бригадақәеи аковидттә ҟәшақәеи аҧҵахоит.

«Гәдоуҭатәи аковидттә хәышәтәырҭа ҧхынгәы азы ишыҟаз еиҧш ихарҭәаахо иалагеит. Иахьарнахыс 30-ҩык зкуа иназыцҵоу аҟәша аартра алыршаразы аусуратә гәыҧ аҧҵахоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҧсныпресс акореспондент агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иоуз адыррақәа рыла, ашәахьа, ҧхынҷкәынмза 13, гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҟны иаадыртит иназыцҵоу аҟәша. Иахьазы Гәдоуҭа астационартә хәышәтәра иахысуеит 89-ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 34-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 17:43