Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ БАНК АХАРХӘАРАХЬЫ ИҬНАЖЬИТ АГӘАЛАРШӘАГАТӘ ԤАРАҾАРПҚӘА «АҞАБАРДА», «НАТУХАЕЦ».

Ахаша, 08 Ԥхынкәын 2021 11:24 116

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Амилаҭтә Банк ахархәаразы иҭнажьит асериа «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» аҟынтәи агәаларшәагатә ҧараҿарпқәа «Аҟабарда», «Натуханец», ҳәа иаанацҳауеит абанк аофициалтә саит.

Араӡнытә ҧараҿарпқәа ахәҧсаҵәҟьа 20 ҧсар рҟынӡа инаӡоит. Иарбоу аҧараҿырпқәа рыхкқәа 100 цырак рҟынӡа инаӡо атираж аманы иҭыжьуп.  Асахьаҭыхыҩ – Баҭал Џьопуа.

Агәаларшәагатә ҧараҿырпы «Аҟабарда».

Ари аҧараҿырпы ганкахьала иарбоуп  XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы еицырдыруаз Д.И. Ермаков ифотоҭыхымҭа «Аҧсуа депутатцәа» аҟынтәи аҧсуа аибашьцәа рсахьа. Армарахьала ихиааланы иҧыруа 11 уарба рыла ишьақәгылоу амратә дырга аҭоуп, уи аҵаҟа ахәҧсаҵәҟьа «20 ҧсар», иара убас арыцхә 2021 ш. Арыӷьарахь ичаҧаны иануп «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыреи Аҧсны Аҳәынҭқара аҳәынҭқарратә герби.

Аҧараҿырпы егьи аганахьала, агәҭаны аҧшшәы змоу ахьырхьын аҵхрала аҟабард еибашьҩы  исахьа ануп.  Иарбоу асахьа итрадициатәу арнамент ала ирхиоу адекоративтә рамка иҭасоуп, уи ахыхь аҩырақәа «азахә», «адагэ» ануп.

Агәаларшәагатә ҧараҿырпы «Натуханец».

Ари аҧараҿырпы убасҵәҟьа ганкахьала иарбоуп XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы еицырдыруаз Д.И. Ермаков ифотоҭыхымҭа «Аҧсуа депутатцәа» аҟынтәи аҧсуа аибашьцәа рсахьа. Армарахьала ихиааланы иҧыруа 11 уарба рыла ишьақәгылоу амратә дырга аҭоуп, уи аҵаҟа ахәҧсаҵәҟьа «20 ҧсар», иара убас арыцхә 2021 ш. Арыӷьарахь ичаҧаны иануп «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыреи Аҧсны Аҳәынҭқара аҳәынҭқарратә герби.

Аҧараҿырпы егьи аганахьала, агәҭаны аҧшшәы змоу ахьырхьын аҵхрала аҟабард еибашьҩы  исахьа ануп.  Иарбоу асахьа итрадициатәу арнамен ала ирхиоу адекоративтә рамка иҭасоуп, уи ахыхь аҩырақәа «азахә», «адагҽ» ануп.  

Зыхә дуу аметал иалху Аҧсны Амилаҭтә Банк агәаларшәагатә ҧараҿырпқәа аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи раархәара Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рыла имҩаҧысуеит. 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:30