Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ ҚЫРҬТӘЫЛА ИАДНАГАЛЕИТ АҲӘАА АДЕЛИМИТАЦИЕИ АДЕМАРКАЦИЕИ ИАЗКУ АПРОЦЕДУРА АЛАГАРА.

Ахаша, 08 Ԥхынкәын 2021 18:03 102

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 7-8, 2021 шықәса рзы Женева ақалақь аҿы имҩаҧысит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа 55-тәи араунд. Уи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи Атәылақәа Ршәарҭадара Ахеилаки Европатәи Атәылақәа Реидгылеи рыцхантәаҩрала рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаҧстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны  адәныҟатәи  аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭо аҧснытәи аделегациа аилазараҿы иҟоуп: Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Саида Быҭәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Заал Хәарҵкьиа, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Каха Пертаиа, Натали Смыр, Инал Ҭарба, Аҧсны асанитартә  ҳақьым  Хада  Лиудмила Скорик, иара убас адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина  Шамба.

Амшхәаҧштә алацәажәара традициала аусуратә гәыҧқәа ҩба – ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәеи рформат ала имҩаҧысуан.

Адискуссиақәа ирылахәыз ражәақәа рыла, ақырҭуа делегациа ахаҭарнакцәа  рыда, егьырҭ алахәылацәа зегьы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахәшьара арҭеит.  Убри аан иазгәаҭан, Қырҭтәыла атәылауаа рыла лассы-лассы Егры аӡиас ала ицо аҳәаа ахысра арежим шеилагахо.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа разхьаҧшреи рыҧхьырҟәҟәаареи амеханизм (АРРА) аусура аиҭахацыркра азҵаара. Аҧснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа иарбоу амеханизм ишадгыло азгәарҭеит, иара убас иарбоу ахырхарҭала иҿыцу ажәалагалақәа рыла иқәгылеит.

Аҧсуа ган Қырҭтәыла Еиду Америкатәи Аштатқәеи НАТО иалоу егьырҭ атәылақәеи  иарҭо адгылареи ацхыраареи ирыбзоураны арратә потенциал аизырҳара иахьаҿу азы даҽазныкгьы агәҭынчымра аанарҧшит. Еиду Америкатәи Аштатқәеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҩганктәи арра-техникатә усеицура, америкатәи арратә ӷбақәа лассы-лассы Амшын Еиқәа акваториа алалара,  аҳәаанырцәтәи арратәии ауаажәларратәии аҳаирӷбақәа рыла инеиҧынкыланы Аҧсны аҳаиртә ҵакыра аилагара, иара убас Қырҭтәыла Аҩадаатлантикатә алианс алалара аперспективақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.  Ас еиҧш аибарххара арӷыӷкра арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы акыр ашәарҭара аҵоуп ҳәа инаҵшьны иазгәаҭан.

Араунд амҩаҧысра аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧсуа ган ақырҭуа делегациа ирыднагалеит Аҧсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи адемаркациеи рыпроцедура алагара. Иазгәаҭан, аҳәаақәа рганахьала аҳәоуеиқәшәара ашьақәыргылара аҭыҧ аҿы азҵаарақәа жәпакы рыӡбара шалнаршо, насгьы официалла ишьақәыргылоу аужьҭра-гәаҭаратә ҧыҧшырҭақәа рҿы аҳәаа ахысра  апроцедура еиҳа ишарманшәало.

Аҧсуа ган алахәылацәа ҷыдала ахшыҩзышьра арҭеит амчра ахархәара мап ацәкра азы жәларбжьаратәи агарантиақәа рзы адокумент атекст ашьақәырӷәӷәара иазку аусура аиҭалагара ахымҧадатәра. Шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиҧш, ақырҭуа ган ари даараӡа акыр зҵазкуа азҵаара алацәажәара мап ацәнакуеит.  Иааиуа араундқәа руак аҿы ацхантәаҩцәа иарбоу аусшәҟәы ала рхатәы ажәалагалақәа аус рыдуланы алахәылацәа зегьы ирыдыргалап ҳәа агәыӷра ыҟоуп.

Аҩбатәи аусуратә гәыҧ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ихьыҧшымкәа аиҭанеиааира, аҵарадырра, уҳәа агуманитарнтә ҟазшьа змоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи  рышьақәыргылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа анаҩстәи  56-тәи араунд амҩаҧгара 2022 шықәса, хәажәкырамза 29-30 рзы иазҧхьагәаҭоуп.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:45