Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ГАГРА АРАИОН ШЬҬАРНАХЫС ДОТАЦИАДА АХНЫҞӘГАРА АЛШО ИҞАЛЕИТ.

Ахаша, 08 Ԥхынкәын 2021 20:36 121

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь Аҳәынҭқарра Ахада далахәны имҩаҧысыз инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы Гагра араион ахшәалахәқәеи аныхтәқәеи рзы аҳасабырба ҟаиҵеит. 

Убас, 2021 шықәсазы Гагра араион ахала ахы ныҟәнаго иалагеит, аныхтәқәа раасҭа ахашәалақәа еиҳахеит.

Ашықәс алагамҭазы Гагра араион абиуџьеҭ ишәахтәқәои ишәахтәқәами ахашәалахәқәа идыртәеит 350 млн. мааҭ, иахьазы аҭыҧантәи абиуџьеҭ ахь ааимҭақәа идыртәеит 508 млн. мааҭ. 2021 шықәсазы 10 мыз рыла абиуџьеҭ аныхтә хәҭа 160 млн. мааҭ рыла иазҳаит. Арҭ аҧарақәа араион аҧсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы рзы еихшан, раҧхьа иргыланы, агәабзиарахьчара иаҭан.

2020-2021 шш. рзы аматериалтә цхыраара азы иазоужьын 21 млн 500 нызықь мааҭ, ацхыраара рыҭоуп 1,5 нызықьҩык инарзынаҧшуа атәылауаа. Аҵыхәтәантәи 2 шықәса рыла хазхаҭалатәи аинвесторцәа (атәымтәылатәии аҭыҧантәии) рыла зеиҭашьақәыргылара мҩаҧысуа игәыгәҭажьу аобиектқәа ирзоужьхеит 4 миллиард мааҭк инареиҳаны. Иаҧҵоуп 850 усуратә ҭыҧ, урҭ рахьынтә 85% аусуҩцәа Аҧсны атәылауаа роуп, бжьаратәла урҭ руалафахәы 15 инаркны 20 нызықь  мааҭ рҟынӡа ыҟоуп. 

Аинвестициатә проект дуӡӡа –5 иаҵәак рыҩаӡара зауа асасааирҭатә комплекс, иахьа ахацыркра иазхиоуп.

Аинвестициа аицҵалыҵ иартәеит 20 млрд. мааҭ рҟынӡа, ари акомплекс азы иазҧхьагәаҭоу атуристцәа рхыҧхьаӡара шықәсык 150 нызықьҩык рҟынӡа иҟалоит. Ашәахтә шәатәқәа ари аобиект аҟнытә, Иури Ҳагәышь иажәақәа рыла, шықәсык ахь  идыртәоит 400 млн. мааҭ рҟынӡа.

Араион ахада иажәахә дазыӡырҩны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2021 шықәсазы аихшьаалақәа ҟаиҵеит.  

Убас, 2020-2021 шш. рзы ачымазара ҿкы бааҧсы COVID-19 аҿагыларазы, аспонсорцәа рыцхыраарагьы уахь иналаҵаны, аҧсуа диаспора аҟнытә иааз ацхыраарагьы арбаны, аҳәынҭқарра аныхтәқәа идыртәеит 800 млн. мааҭ. Ари атәыла абиуџьеҭ азы еидара хьанҭоуп. Аҳәынҭқарра Ахада  иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара Аминистрра ачымазара ҿкы ахҟьа-ҧҟьақәа аҳәаарҭагӡаразы иаҭаху зегьы шыҟанаҵо.

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ачымазара захьызи зыҧсҭазаара иалҵызи рхыҧхьаӡара 1,5% шыҟоу азгәаҭаны, Аслан Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит, «аригьы рацәоуп, аха ҳааигәа иҟоу аҳәынҭқаррақәа рырбагақәа ирҿырҧшны уахәаҧшуазар, ари арбага акырӡа еиҵоуп». Уи аҳақьымцәа русура азгәаҭаны иҳәеит: «Аиҳабырагьы, саргьы, ауаажәларгьы ари апроблема акыр ахылаҧшра аҳҭоит, аӡәгьы хылаҧшрада дынҳажьӡом» ҳәа.   

Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы ареспублика раҧхьаӡакәны апрофицит биуџьеҭ ахь ишнеиуаз, аҿкы ахҟьа-ҧҟьақәа ракәымзар. «Аханатәтәи абиуџьеҭ рҽеиуп ашьҭыхра аганахьала – иҳарҳаит 500 млн. мааҭ инарзынаҧшуа иазҧхьагәаҭаз арбагақәа рхыхь, урҭ COVID-19 аҿагыларахь идәықәҵоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

2020-2021 шш. рзы аҳәынҭқаррахь ацхырааразы иадҵаалаз хыҧхьаӡара рацәала ҳтәылауаа рахьынтә ацхыраара рыҭан 5.700 ҩык, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны 300-ҩык раҟара абитуриентцәа аҵара дырҵара иақәхарџьу 54 млн. мааҭ. 2 нызықьҩык рҟынӡа агәабзиарахьчара аганахьала аматериалтә цхыраара  рыҭоуп, бжьаратәла уи 120 нызықь мааҭ артәоит.

2020 шықәса мшаҧымза инаркны ҳазҭоу ашықәс ҧхынҷкәынмза 1 аҟынӡа аҳәынҭқарра аганахьала иҟаҵоу ацхыраара иартәеит 389 млн. мааҭ.  «Ари ихымҧадатәым ашәатәқәа рахь иаҵанакуеит, аха арыцҳара иақәшәаз ҳрыцхраароуп. Аҧхьаҟагьы ҳауаажәлар ҳрыцзраалоит»,- ҳәа инаҵшьны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Аҧсабаратә рыцҳарақә, аӡхыҵрақәа, аҧша бааҧсқәа, аҧхасҭа иҟарҵаз ахарџь 200 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла аҧхасҭа аҧыхразы ареспублика Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ацхыраара ишаҳәаз.  «Ацхырааразы иаҭаху ахәҭак аҧшаара ҳалҳеит, иаанхаз ахәҭагьы ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит. Ашықәс анҵәамҭеи ажьырныҳәамза 20 инарзынаҧшуа арҭ аҧарақәа ҳауп ҳәа сгәыӷуеит, усҟан ҳтәылауаа ацхыраара раҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Азинхьчаратә система атәы ҳҳәозар, Аҳәынҭқарра Ахада ишазгәеиҭаз ала, атәыла анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит азинхьчаратә усбарҭақәа рырӷәӷәаразы.

Уи азинхьчаратә усбарҭақәа русураҟны аҭагылазаашьа шеиӷьхазгьы, иара убас урҭ русура аганахьала ирырҭо авбақәагьы азгәеиҭеит. 

Аслан Бжьаниа иазхьаирҧшит раҧхьаӡа акәны ишубарҭоу зыҩаӡара ҳараку аматериал-техникатә база, уаанӡа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала ас еиҧш шыҟамыз. 2021 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иаиуит 100 инарзынаҧшуа автотранспорт. Иааиуа ашықәс азы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иаиураны иҟоуп даҽа 50 цыра иҷыдоу атранспорт, иара убас амаҭәатә мазарагьы.

Аулафахәы шьҭыхуп 70% рыла. «Ари уажәгьы имаҷуп, аха атәыла анапхгара рымчала иҧшаан. Ари азҵаара иахаҵгылеит Урыстәылатәи ҳҩызцәа. Абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзураҿгьы. Ари аиҿкаара ахыҧша бзиа амоуп, аха уаҟагьы иҟоу ауадаҩрақәа маҷым азы ацхыраара рыҭара ҳаҿуп», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. 

Аслан Бжьаниа аизара иалатәаз азхьарҧшны иазгәеиҭеит, «Урыстәылатәи Афедерациа ахарџь ала Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ихадароу ркатегориақәа, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт, атәылауаа рсоциалтә маҵзура аусхк аҟны афинансеицзоужьра аҧҟареи аҭагылазаашьеи рзы «Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, арепубликаҟны абиуџьеҭ иаҵанкуа аусзуҩцәа руалафахәқәа рышьҭыхра иартәеит 26%, ҳызҭоу ашықәс азы 34%.  Абас ала, ауалафахәы аизҳара иартәеит 60%, мамзаргьы  8 нызықь мааҭ аӡәы изы.  «Ас еиҧш аусура ду мҩаҧган Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иҳауз ацхыраара абзоурала. Рыцҳарас иҟоу, иазгәаҭоу апланқәа, иаҳҳәозар аулафахәқәа рышьҭыхра, уҳәа убас егьырҭ азҵаарақәа жәпакы ҳхала ҳамч рыкәхом. Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара ҳнаҭоит. Имаӡам, ҳара ҳаҟны атәанчахәы шылаҟәу. Избанзар, ҳекономика еизҳауам ахәқәеи атаукарқәеи шеизҳауа еиҧш» ,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҧсны аекономика аҿиара шаҭаху азгәаҭо, Аслан Бжьаниа иҳәеит аинвесторцәа радыҧхьаларазы Гагра араион ҿырҧштәыс иҟалар шаку.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иаарласны зымҽхак ҭбаау, зеиҧш ҟамлац апроект анагӡара азгәаҭоуп Пицунда. Уи Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рыҟны аекономикатә ҿиара анырра ӷәӷәа анаҭоит. «Аха ас еиҧш иҟоу апроектқәа рынагӡара алыршахоит иҭышәынтәалоу атәылаҟны, еилкаау уи иашьашәалоу аҧҟарақәа ахьҟоу, ари лассы-лассы ҳазлацәажәо ауп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа ишазгәеиҭаз ала, ҳтәылауаа рыхәҭак, мамзаргьы гәыҧҩык ауаа агәынамӡара шаадырҧшуа атәыла анапхгара аусура инамаданы.  «Атәылауаа рыгхақәа разгәаҭара азин рымоуп, аха зегьы анеиҿурҧшлак ауп иҟоу аҭагылазаашьазы алкаа аҟаҵара анзалыршахо.  Иахьатәи анапхгара акыршықәса раахыс еиқәылаз ауадаҩрақәа рыӡбара иаҿуп. Иҟан аамҭақәак, аҭакҧхықәра здыз ауаа ауадаҩрақәа анаҧырҵоз», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

Араион актив аизараҟны Аслан Бжьаниа хазы афымцамч азҵаара дазааҭгылеит. Иҳәеит иарласны Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә ацхыраара шыҟаҵахо. 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, алашара штауару, уи азы ахә ашәара шаҭаху. Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала, афмцамч аинвестициа адыҧхьаламзар, уи асистемаҿы еснагь ауадаҩрақәа ҟаларц шалшо.

«Афымцамч ҳамазарц ҳҭахызар, уи ахә ахшәаатәуп. Ари аус аҟны ихадараӡам аинвесторс иҟало ҳара даҳтәу, мамзаргьы аҳәаанырцәтәу. Дарбанызаалак ари аус аҟны злагала ҟазҵаз тарифк аҳасабала аҧара иҭахуп, мамзар афымцамчы ауижьҭӡом», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада афымцамч азы амҩатә хсаала азҵаарагьы дазааҭгылеит. Аслан Бжьаниа иҳәеит ҭыҧқәак рҿы афымцалашара  арцәара зыхҟьо. Иара иажәақәа рыла, афымцамч аусхк аҟны ашәахә леишәа рӷәӷәахоит. 

Аизара аихшьаалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада COVID-19 ихадараны иҟоу проблеманы ишышьақәгылаз азгәеиҭеит. Иара убас, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рыҟны ипроблеманы ишыҟоу аҧсытәбарақәа зцу амҩатә машәырқәа. 

 

 

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:41