Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АГАЗЕҬҚӘА «АԤСНЫ», «РЕСПУБЛИКА АБХАЗИЯ», АИНФОРМАЦИАТӘ МАҴЗУРА «АԤСНЫПРЕСС» АРЕСПУБЛИКАТӘ ҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬА «АԤСНЫМЕДИА» АХЬ ЕИДЫРКЫЛОИТ.

Ахаша, 08 Ԥхынкәын 2021 17:05 95

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ареспубликатә газеҭқәа «Аҧсны», «Республика Абхазия», иара убас аинформациатә Маҵзура «Аҧсныпресс» Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аҧснымедиа» ахь еидыркылоит.

Жьҭаарамза 21, 2021 шықәса рзы «Аҧсны Аҳәынҭқарра аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахь Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Агазеҭ «Аҧсны» Аредакциа», «Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Агазеҭ «Республика Абхазия» Аҭыжьырҭа», иара убас Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Аҧсныпресс» амазара ампыҵакҩы изинмчы аиагареи Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Аҧснымедиа» аҧҵареи рзы» Ақәҵара рыдыркылеит.  

Аҳәынҭқарратә газеҭқәа ҩбеи аинформациатә Маҵзуреи рколлективқәа дрыдыргалеит Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аҧснымедиа» анапхгаҩы Хада Роберт Џьопуа.

Аҧсны Анапхгара Аппарат анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Кристиан Бжьаниа ишеиҭеиҳәаз ала, жьҭаарамза, 2021 шықәса рзы Аминистрцәа Реилазаара аҿы Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аҧснымедиа» аҧҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

«Ҳара акыр аамҭа ҳазхәыцуан аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа рҿы ишьақәгылаз афинанстәии анхамҩатәи аҭагылазаашьа аҧсахразы иҟаҵатәууи ҳәа. Ҳара жәаҳәарада еилаҳкаауеит ихадоу аҳәынҭқарратә газеҭқәа рҭыжьра азнеишьақәа шыҧсахтәу, урҭ еиҳа аинтерес аҵаны иҟаларц азы иҟаҵатәу ҳазхәыцуан, аха есымша проблемак акәын ҳаҧхьа иқәгылоз, уи  аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа зегьы рыстатус шеиҧшугьы, убри аан урҭ рфинанстәра еиҧшӡамкәа иахьымҩаҧысуа ауп», - ҳәа иҳәеит Кристиан Бжьаниа.

Убри аан уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, аамҭа излаҳнарбо ала агазеҭқәа русура аҿы аиҭакрақәа аҭаххоит, урҭ рҭеиҭыҧш аума, аҧхьаҩцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара аума.

Кристиан Бжьаниа иҿыцу аусбарҭа ахықәкы хадақәа дырзааҭгылеит.

«Даара иуадаҩуп аамҭак ала арҿиаратә усуреи аредакциа аматериал-техникатә еиқәыршәареи иазку аусуреи реилагӡара. Убри аҟнытә ҳара иарбоу аетап аҿы ҳҳәынҭқарратә редакциақәа зегьы рмазаратә комплекс ааидкыланы уи анапхгараҭара Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аҧснымедиа» адҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Уи ахықәкы хаданы иҟоу аколлективқәа зегьы рхықәкы хада –арҿиаратә усура еиҳау ахшыҩзышьҭра аҭара нарыгӡарц ауп», - ҳәа иҳәеит иара.

Кристиан Бжьаниа иара убас иажәақәа рыла ҧыҭрак ашьҭахь «Аҧснымедиа» ақалақь агәаны иҟоу ахыбрақәа руак аҿы иҟалоит. Зыӡбахә имоу Аиааира Апроспект аҿы иҟоу ҧыхьатәи аҭелтә станциа ахыбра ауп.  Уаҟа макьаназы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧгатәуп, иара убас аиқәыршәага ҿыцқәа рыла еиқәыршәатәуп. Иара убас агазеҭқәа рредакциақәеи Аҧсныпресси ирыцны уахь ииагахоит атипографиагьы.

«Макьаназы арҭ азҵаарақәа зегьы рыӡбара алыршахаанӡа шәара уажәы аус ахьыжәуа аҭыҧ аҿы аус жәулоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

«Аҳәынҭқарратә Еилакы агазеҭқәеи аинформациатә Маҵзуреи ирзоужьхо аҧаратә хархәагақәа рхылаҧшра ахахьы иагоит. Сара амассатә информациа ахархәагақәа рредакциатә политика сҽалазгалаӡом, аха Аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгаҩы иаҳасабала гәазыҳәарак сымоуп – иӷәӷәоу афинанстә дисциплина ашьақәыргылара. Уи иабзоураны агазеҭқәа рредакциақәа рҿы иҟоу апроблемақәа рыхәҭаак иадамхаргьы аӡбареи рматериал-техникатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи алыршахоит», - ҳәа иҳәеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Роберт Ҳалуашь. Уи иара убас иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аилак аҿы ҩ-газеҭк рредакциақәа рзы амашьына аахәара азҧхьагәаҭоуп, уи ала анаҩс агазеҭқәа атәыла араионқәа рахь анагара еиҿкаахоит. Роберт Џьопуа ишазгәеиҭаз ала, уи ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа аҟаҵара рҽазыршәоит.

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа адиректор Хада Роберт Џьопуа ишазгәеиҭаз ала, иара араҟа иҟоу ажурналистцәа реиҳараҩык акыр шықәса раахыс  хаҭала идыруеит, доусы рымчи рыхшыҩи еилаҵаны хра злоу аусура шеиҿкаахо азы агәыӷра шимоу ааирҧшит.

«Ҳаамҭазы агазеҭқәа аинформациатә ҵакыра аҿы аелектронтә массатә информациа ахархәагақәа рҿы аконкурентра аарҧшра рцәыуадаҩуп жәаҳәарада, аха уи апроблема аӡбаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп. Аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраареи адгылареи ҳауп ҳәа агәыӷра сымоуп», - ҳәа иҳәеит Роберт Џьопуа.  

Кристиан Бжьаниеи Беслан Ҳалуашьи аусеицура аиҿкаара, аредактор хадацәа рыҟаҵареи рамхреи, ахолдинг ҿыц афункциа хадақәа, аструктура ҿыц аусбарҭақәа хҧа рыҿиараҿы инанагӡо ароль, аштаттә мшеизша, ауалафахәы ашьҭыхра, уҳәа ажурналистцәа рҟынтәи еиуеиҧшым азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:32