Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ ИХАҬЫԤУАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҩаша, 07 Ԥхынкәын 2021 16:23 117

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  7, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб аекономикатәии афинанстәии ахырхарҭа азы аҭакҧхықәра зду атәыла Анапхгара алахәылацәа идикылеит.

Аусуратә еилатәара рхы аладырхәит аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалов, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба. 

Аиҧылара аҿы ирылацәажәеит абиуџьеҭ анагӡара атема, абиуџьеҭ ахь ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи ралагалара, иааиуа 2022 –тәи ашықәс азы аекономика ашьҭыхреи уи иаҵанакуа аусхкқәа  рыҿиареи, ареспублика аҿы асоциал-демографиатә политиа анагӡара еиҳау аҩаӡара ахь аиагареи, уҳәа егьырҭ хадара злоу азҵаарақәа жәпакы.

Алеқсандр Анқәаб иколлегацәа ргәаанагара дазыӡырҩит хықәкылатәи анапынҵақәагьы риҭеит.  Уи инаҵшьны ишазгәеиҭаз ала,  2022 шықәсазы аусура аепидемиологиатә ҭагылазаашьа  иацу ашәарҭарақәа ҳасаб азуны апланҟаҵара мҩаҧысроуп, аха ари аилатәараҿы иҟоу аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәа рхылаҧшра аҵаҟа иҟоу аусбарҭақәа зегьы русура алҵшәақәа иҳаҩсуа ашықәс алҵшәақәа иреиӷьзароуп.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:46