Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 14 АҞЫНӠА ЛАҬАТӘИ АХЛЫМӠААХ ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАШӘАРА АБАҞА АКӘША-МЫКӘША ЕИЛЫРГАХОИТ.

Аҩаша, 07 Ԥхынкәын 2021 13:44 122

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 14 аҟынӡа  Гәылрыҧшь араион, Лаҭа ақыҭан иҟоу Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз ргәалашәара Амемориал ааигәа-сигәа еилыргахоит, ҳәа атәыла  акультура аминистр  Гәыдиса Агрба иажәақәа рахь азхьарҧш ҟаҵо иаанацҳауеит «Абхазия-Информ».

Ақыҭахь иахьазы инагоуп аҵакыра арыцқьаразы иаҭаххо иҷыдоу атехника зегьы. 

Иҟаз амшцәагьақәеи аӡымҭҟьар алеиреи ирыхҟьаны 1992 шықәсазы иҟалаз Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз ргәалашәара иазкны ишьақәыргылоу  ауахәама-хәыҷи абаҟеи аӡы ықәлеит.

Иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи рхатәы мчқәа рыла агәалашәаратә хаҳәҟьаҧс дырӷәӷәеит. Аха аҟәарарӷәӷәаратә усурақәа нагӡатәуп, избан акәзар зӡымҩа зыҧсахыз ашьхаӡиас ауахәама–хәыҷы ауасхыр ыҵнаӡәӡәауеит. Иара убас атерриториагьы аҭеиҭыҧш арҽеира аҭахуп. 

Атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб инапынҵала Лаҭа ақыҭан аинспекциатә ҭаарала иҟан акультура аминистр, Аҧсныаҟәарахьчара аспециалистцәа, амонументалтә ҟазара азы аҳәынҭқарратә комиссиа алахәылацәа. 

Аспециалистцәа ргәаанагарала, аӡиас аӡымҩа аҧсахаанӡа изеиҧшразаалак аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгара залыршахом. Аамҭа-аамҭала абаҟа ахь инагоу амҩа ҵнаӡәӡәаауеит, ахаҳәрҟәара ықәнажьуеит.

Аекспертцәа иҟарҵаз азгәаҭарақәа рыла, ҩымш рыла араҟа иқәнагалаз ахаҳә-мҿыҳәи аӡымҭҟьари   злоу агәам-сам ацәынхақәа зегьы ықәыргоит.

Атәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз адҵа ала аргылаҩцәа атерриториа адагьы ауахәама-хәыҷы ахаҿратә гангьы аҭеиҭыҧш дырҽеиуеит. Ирҿыцхоит амемориалтә хаҳәҟьаҧсгьы.  Аусурақәа зегьы иҭахаз рыуацәа ақәыршаҳаҭны имҩаҧысуеит.   

Ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса рзы 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы, Лаҭа ақыҭа, ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рнапаҵаҟа иҟаз атерриториа аҟынтәи иоужьҭыз аракета ала илашьҭын агуманитартә реис назыгӡоз урыстәылатәи аҵәиҧрыга Ми-8.   Усҟан ари ахлымӡаах аҿы иҭахеит 85-ҩык ауаа, урҭ рахьынтә 35 - ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәа зтәымыз аҳәсеи ракәын.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:35