Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА: МИХАИЛ САКАШВИЛИ ҚЫРҬТӘЫЛА АНАПХГАРА АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АҲӘЫНҬҚАРАҚӘА ИРЕИҲАӠОУ АМАҴУРАУАА ԤАРАЛА РХЫХРА АФАКТҚӘА РЫЛАХӘЫЗХАРА АФАКТҚӘА РТӘЫ ИААРТНЫ ИҲӘЕИТ.

Ахәаша, 03 Ԥхынкәын 2021 15:32 86

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Қырҭтәыла ҧыхьатәи Ахада Михаил Саакашвили иҳәамҭақәа ахҳәаа ҟанаҵеит. 

Аокен Ҭынч арегионқәак рҟынтәи Аҧсны иаиуз Ахьыҧшымра азхаҵара аганахьала, Қырҭтәыла ҧыхьатәи Ахада Михаил Саакашвили Қарҭ ақалақь имҩаҧысуаз аӡбаратә процесс аҿы ацәгьоура амҩаҧгара азы – аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ҧарала рхыхра афактқәа шыҟаз иаартны иҳәеит. 

Зыӡбахә аагоу Аҧсны асуверенитет азхазҵаз аокен Ҭынч иаҵанакуа аҳәынҭқаррақәак Науру, Тувалу, Вануату роуп.

«Қырҭтәыла ҧыхьатәи Ахада иаартны иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Қырҭтәыла Анапҧхгареи иара Михаил Саакашвили ихаҭагьы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа иреиҳаӡоу амаҵурауаак ҧарала рхыхра ишалахәыз атәы зырҵабыргуа афактқәа афактқәа шамоу атәы», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟаназ акомментари аҟны.

Аҧсны адәныҟаполитикатә Хылаҧшырҭа аҟны ишазгәарҭо ала Аҧсны Ашәынҭқарра асуверенитет аокен Ҭынч аҳәынҭқаррақәа рганахьала иаиуз азхаҵара, ари Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра инанагӡаз иуадаҩу, акыр аамҭа зымҽханакыз аусура иалҵәшәахеит.

«Инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара алыршара Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә Хылаҧшырҭа Хада априаритетқәа иреиуоуп. Аха қырҭтәылатәи ҳапоненцәа реиҧш акәымкәа, аҧснытәи адипломатцәа русуратә практика аҿы рхы иадырхәоит изакәану ацивилизациа иақәшәо аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа аус рыцура аформақәа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо ахҳәаа аҟны. 

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра еицрыдыркылахьоу жәларбжьаратәи анормақәа рықәныҟарала Аҧсны асуверенитет жәларбжьаратәи азхаҵара аҳәаақәа рырҭбааара иазкны аусура аринахысгьы инанагӡалоит. 

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:02