Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АДӘНЫҞТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИНАЛ АРӠЫНБА АԤСНЫ ИҞОУ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ОЛЕГ БОЦИЕВ ДИДИКЫЛЕИТ.

Ахәаша, 03 Ԥхынкәын 2021 10:44 89

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла иҳаражәҳәаҩ Олег Боциев дидикылеи.  

Ишеилкаахаз ала, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилацәажәара рыҟны Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаҧстәылеи рыбжьара аҩганктәи аусеицура азы актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иазгәаҭан аганқәа акультура, аспорт, аҵарадырра, уҳәа аусхкқәа рыла аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азы агәҭакқәа шрымоу.

Инал Арӡынбеи Олег Боциеви аҩ-ҳәанҭқаррак рҟынтәи аҧыза-ҿарацәа русеицура аусхкы аҿы апроектқәа реицынагӡара азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Иазгәаҭоуп, иара убас Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи аҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара адиалог активтәра иаҵоу аҵакы ахадара ишалацәажәаз.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:03