Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИҞОУ АЏЬАР ҞАԤШЬ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОМИТЕТ АМИССИА АҴӘЫҴӘРИТӘ СТАНЦИА АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА ИАЗКУ АУСУРАҚӘА РЫМҨАԤГАРАҾЫ АЦХЫРААРА ҞАНАҴОИТ.

Ахәаша, 03 Ԥхынкәын 2021 15:26 90

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҧсны иҟоу Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Акомитет Амиссиа ахада Натан Реиси уи ицхырааҩ Борис Казанбеи дырҧылеит. 

Аиҧылара аҿы ирылацәажәеит Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Акомитет Амиссиа изаамҭанытәиу аусура, иара убас ареспублика аҿы апандемиа аҿагылара иазку аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгараан ацхыраара аҭара аганахьала атәыла Анапхгара аус рыцура азҵаарагьы иазааҭгылеит.

Зыӡбахә ҳәаз Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Акомитет Амиссиа аҵәыҵәритә станциа аиҭашьақәыргылареи аусура аларгареи рҿы, иара убас ахәшәқәа рыла реиқәыршәара аҿы ацхыраара аҭара азҵаареи егьырҭ хадара злоу азҵаарақәеи роуп. 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:03