Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АПРОКУРАТУРА ХАДА АУСЕИЛЫРГАРАТӘ УСБАРҬА ҲАЛУАШЬ Л.З., БРАНӠИА Л.Ш., ИАРА УБАС, МАКЬАНАЗЫ ИШЬАҚӘЫРГЫЛАМ АХАҾҚӘЕИ РГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ХАЦНАРКИТ.

Ахәаша, 03 Ԥхынкәын 2021 21:42 90

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны апрокуратура Хада аусеилыргаратә Усбарҭа ҧхынҷкәынмза 2, 2021 шықәса рзы Ҳалуашь Лолита Заканбеи-иҧхаи Бранзиа Лолита Шьоҭа иҧҳаи, егьырҭ, макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәеи рганахьала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 321, ахәҭа 2 инақәыршәаны ацәгьоура азы аусеилыргара хацнаркит.

«Уажәазы аусеилыргара ишышьақәнаргылаз ала, нанҳәамза 24 инаркны цәыббрамза 10, 2021 шықәсанӡа Ҳалуашь Лолита Заканбеи иҧҳаи Бранзиа Лолита Шьалуа иҧҳаи, егьырҭ, макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәеи заанаҵтәи реицәажәарала аинформациа-телекоммуникациатә каҭа «Интернет», асоциалтә каҭа "Феисбук" аҿы, апсевдонимқәа «Аиба Даур», «Екатерина Брилиантоваиа», «Герой Абхазии» рыла аккаунт-даҟьақәа рхархәарала асоциалтә гәыҧ «Правда Абхазии!» аҿы хыҧхьаӡарала иҧкым ауаа рахәаҧшразы идырхиеит, анаҩс иркьыҧхьит еиуеиҧшым апубликациақәа. 

Иарбоу апостқәа рҿы урҭ Аҳәынҭқарра Ахада Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа, атәыла аҧыза-министр Анқәаб Алеқсандр Золотинска-иҧа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дбар Дмитри Сергеи-иҧа, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Лолуа Рауль Владимир-иҧа, Аиба Баҭал Едуард-иҧа, Аршба Асҭамыр Борис-иҧа, Ашәба Лаша Ныгәзар-иҧа, Аҧсны апрокурор Хада ихаҭыҧуаҩ Ҭырқьба Руслан Лев-иҧа, аҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Лабахәуа Алиас Михаил-иҧа, Аҟәа ақалақь ахада Ешба Беслан Фиодор-иҧа, аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҳалуашь Беслан Виктор-иҧа рыхьӡи рыпатуи лазырҟәа, иара убас иарбоу ахаҿқәа инарыгӡо аусура азы агәамыхәарақәеи аҽҧыпнкыларақәеи агәынамӡареи ртәы зцыз аиаша иацәыхароу, еицаку аинформациа иаартны, ҿыҭыӡәӡәаала аларҵәара мҩаҧыргеит», - ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит.  

Аҟәа ақалақь Апрокуратура иарбоу ацәгьоура амҩаҧгара аҭагылазаашьақәа зегьы реилкааразы ихымҧадатәиу аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧнагоит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:26