Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИНАЛ АРӠЫНБЕИ АЛЕҚСЕИ ДВИНИАНИНИ АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҨГАНКТӘИ АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА ИРЫЗКУ АКТУАЛРА ЗЛОУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахәаша, 03 Ԥхынкәын 2021 10:38 92

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Раминистрра  аҿы  аҧшьаша, ҧхынҷкәынмза 2, 2021 шықәса рзы имҩаҧысит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианини реиҧылара.

Аиҧылара рхы аладырхәит иара убас Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахбеи Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ-абжьгаҩ Максим Литвинови.

Алеқсеи Двинианин Инал Арӡынба адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит, анаҩстәи иусураҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи изеиӷьаишьеит. Аиҧылара аҿы аҿартә политика, акультура, аспорт, аҵарадырра, уҳәа аусхкқәа рҿы аҧсны-урыстәылатәи апроект ҿыцқәа ралагалара иамоу актуалтә ҵакы азгәаҭан.

Аусеицура ахырхарҭа хадақәаны иалкаан Аҧсны Асовет Еидгылашьҭахьтәи аҵакыра аҿы  Урыстәылатәи Афедерациа аҧшьгаралеи ацхырааралеи имҩаҧысуа аинтеграциатә процессқәа рылахәхра азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раҧҵара азҵаара ҷыдала иазааҭгылеит. 

Аиҧылара иалахәыз аҧсуа-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа иазку актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Инал Арӡынбеи Алеқсеи Двинианини аринахысгьы аҩҳәынҭқаррак реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәкыс измоу хра злоу аусеицура ишақәгәыӷуа атәы рҳәеит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:01