Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХҴӘАЦӘА РУСҚӘА РЗЫ ДАНИАТӘИ АХЕИЛАК (ДСБ) ГАЛТӘИ АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛ №2 АҾЫ АКЛАССТӘ УАДАҚӘА РЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА МҨАԤНАГЕИТ.

Ахаша, 01 Ԥхынкәын 2021 19:33 93

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2021 шықәса.   Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза, 2020 шықәса рзы Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) Гал ақалақь аҿы абжьаратәи ашкол № 2 ахыбра ахәҭак аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара иалагеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Норвегиа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра уи азы иазоунажьыз афинанстә хархәагақәа рыла имҩаԥысун.  Ҩ-еихагылак змоу ари ахыбра Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) апрограмма иалагалоуп, уи аҭоурыхтә баҟақәа ирхыԥхьаӡалоуп, аиҭашьақәыргылара ӷәӷәа аҭахны иҟан.

17 мзы ирылагӡаны интенсивла имҩаԥысуаз аусурақәа рышьҭахь, абҵарамза 26, 2021 шықәса рзы ашкол адиректор далархәны Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) еиҭашьақәыргылаз ауада аартра иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥнагеит. 

Еиҭарҿыцыз 21 акласстә уадақәа рнаҩс ара шьҭарнахыс аус ауеит аизарақәа рзал ду. Араҟа ашколхәыҷқәеи ашколтә коллективқәеи ауаажәларратәи акультуратәи аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаалар алшоит. 400 – ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ҿыц еиҭашьақәыргылоу ауадақәа рҿы аҵара рылшоит.  

Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) аусзуҩцәа Галтәи абжьаратәи ашкол  №2 аҵаҩцәа ахыбра ҿыц рыдырныҳәалоит, аҵараҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаршьоит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 00:34